АҞӘА, жьҭаара 25– Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа, Артур Аншба 80-шықәса ихыҵра иазкыз аатит Аҟәа, жьҭаара 25 рзы.
"Артур Аншба аҟазара ҷыда злаз ҵарауаҩын. Иаԥҵамҭақәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо иҟан. Аиҳарак инапы злакыз Нарҭдырра ныҭкааны иҭиҵаауан. Ганрацәала еиҿартәын иҟазара, иҟыбаҩ ҷыда. Имаҷым аԥсуа литература апроблемақәа ирызкыз аусумҭақәа", — иҳәеит аконференциаҟны атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.
Артур Аншба игәалашәара иазку аконференциа аиҿкаараз акомиссиа алахәыла Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит Артур Аншба илагала ду, еиҭеиҳәеит иԥсҭазаара аҟынтәи ахҭысқәа.
"Артур Аншба 20 шықәса рҟынӡоуп инагӡаны аус иуртә Анцәа иаҭәеишьаз. Заа иԥсҭазаара далҵит. Аԥсуа фольклористика Артур Аншба ида ахаҿ аагара уадаҩуп. Нарҭдырра знапы алакыз Артур Аншба амонографиақәа ҩба дравторуп", — иҳәеит Џьапуа.
Астратегиатә ҭҵаарақәа ринститут адиректор Олег Дамениа иқәгылараан инаҵшьны иазгәеиҭеит Артур Аншба иҵара-рккаратә усура адагьы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәылацәа дшыруаӡәкыз.
Артур Аншба — диит ажьырныҳәа 2 1936 шықәса рзы Тҟәарчал. 50 рҟынӡа наукатә усумҭа дравторуп, Нарҭаа рыҭҵаара знапы алакыз еицырдыруа ҵарауаҩуп.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны абиуџьет азы еиҳагьы ихәарҭахоит ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа рҭилар ҳәа иҳәеит атуризм азы Урыстәыла Ауаажәларратә хеилак асанатор-курорттә ҿиаразы акомиссиа ахантәаҩы Дмитри Богданов ҳәа аанацҳауеит апортал Country Scanner.
Иара иазгәеиҭеит иааиуа ҩымз рзы шәачатәи апансионатқәеи асанаториқәеи реиҳарак рахь иҭиу аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 80% инаӡоит ҳәа. Иҟоуп жьҭаарамзазтәи аҭирақәагьы аанызкылахьоу.
Богданов игәаанагарала, Аԥсны иалшон Шәача иҟоу апансионатқәа разымхара ахарҭәаара.
"Аԥхын мацара акәымкәа ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа ҭилатәуп. Аԥсны абиуџьет уи азеиӷьымхозар иазеицәахом", - ҳәа иҳәеит Богданов.
Ареспублика аԥхьанатә 500 000-ҩык рҟынӡа аныҟәаҩцәа аднакылар, краснодартәи асанаториқәа акыр рхы иақәиҭхон.
Убри аан иара игәаанагарала ахәԥсақәа рыцҵара аҭахым, амаҵзура аиӷьтәреи аматериалтәии атехникатәии база рырҭбаареи роуп иаҭаху.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылатәи аҵараиурҭа азыхиоуп атуризм аганахьала аԥснытәи абитуриентцәа рыдкылара
Делба Ростуризм аделегациеи иареи атуристтә усхкы арҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит
Урыстәылаа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҳәаанырцәтәылақәа Аԥсны рыҵаркит
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхырааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь амедусзуҩцәа гәык-ԥсык ала русураз, рыцхыраараз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Агоспиталь аиҳаб иакәзар, уи аҭакс ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аҳақьымцәа русуразы ирзыҟаҵаз аиҿкаара. Ахада агоспиталь аиҳабы ианеишьеит аҳаҭыртә шәҟәыбӷьыц, агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшо иҟан.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит жьҭаара 19 рзы, адырҩаҽны аусурагьы иалагеит.
Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Двинианин амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа риҭеит