Ендуро азы аицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаЕндуро азы аицлабрақәа
Ендуро азы аицлабрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амотоциклқәа-ендуро рыла аиԥхныҩлара Ачемпионат "Урыстәыла-Аԥсны" мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 28 - 30 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амотоциклқәа-ендуро рыла аиԥхныҩлара Ачемпионат "Урыстәыла-Аԥсны" мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 28 — 30 рзы. Уи иалахәхараны иҟоуп шәҩык рҟынӡа аспортсменцәа? лҳәеит аицлабрақәа реиҿкааҩ Рузанна Амельченко.

Алахәылаҩцәа рҭаҩра мҩаԥгахоит жьҭаара 28 рзы. Жьҭаара 29 рзы, асааҭ 10 шыҟоу Ахақәиҭра ашҭаҟынтә ихацыркхоит аиндаҭлара — лҳәеит лара.

Аицлабрақәа ирылахәхоит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рспортсменцәа.

"Амаршрут аҟны аԥынгылақәа еиуеиԥшым. Иҟоуп имариоу, иҟоуп иуадаҩу. Амаршрут мҩаԥысуеит абнара, ашьхара, амшынԥшаҳәа уҳәа ирылсуа", — лҳәоит аиҿкааҩ.

Ендуро — мотоспортхкуп. Ендуро азы ахраҿа ԥшьынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0