Клемантовичи Скаредновои зшьыз ашьауӷа рықәырҵоит

© SputnikКлемантовичи Скаредновои зшьыз ашьауӷа рықәырҵоит
Клемантовичи Скаредновои зшьыз ашьауӷа рықәырҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеи Клемантовичи Оксана Скаредновои зшьыз русҭҵаара иалагеит 2015 шықәса хәажәкыра 24 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сергеи Клемантовичи Оксана Скаредновои зшьыз русҭҵаара иалагеит 2015 шықәса хәажәкыра 24 рзы. 2016 шықәса жьҭаара 28 рзы урҭ ашьауӷа рықәырҵоит.

Ашьауӷа алаҳәара хә-сааҭк рҟынӡа иагоит. Ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа иԥхьаӡоуп Аԥсны атәылауаа хәҩык. Ахарадҵара аверсиала Апарламент адепутат Нодик Кәыҵниа Сергеи Клемантовичи Оксана Скаредновои иӷьычит ҩ-миллион доллар рыхәԥсазы иоурц. Сергеи Климантович аԥарашәара мап анацәик Нодик Кәыҵниа ишьҭа арӡразы Ахра Гоԥиеи, Рамин Хмаили, Џьумбер Бигәааи, Аслан Ҵәыџьбеи ажәадгала рзыҟаиҵеит ииӷьычыз ауаа аԥырырхырц. Абри атәы аҳәоит апрокуратура аматериалқәа рҟны.

Ахарадҵаратә ган ишьақәнарӷәӷәоит Нодик Кәыҵниа Сергеи Климантовичи Оксана Скаредновои мцла иҩныҟа инеигеит, уа дара ҿаҳәаны Алашарбага игылоу ҩны-ҭацәык ахь иргеит ҳәа. Уи азы Нодик Кәыҵниа Ахра Гоԥиеи, Рамин Хмаили, Џьумбер Бигәааи, Аслан Ҵәыџьбеи 15 миллион мааҭ аԥара рыдигалеит ҳәа ишьақәдырӷәӷәоит.

2016 шықәса цәыббра 1 азы имҩаԥысуаз аӡбарҭа аилатәараан ахарадҵаҩцәа аҳәара ҟарҵон Нодик Кәыҵниеи, Џьумбер Бигәааи, Аслан Ҵәыџьбеи 20 шықәса рықәҵазарц, Ахра Гоԥиа 17 шықәса иқәҵазарц, Рамин Хмаил 15 шықәса иқәҵазарц. Ацәгьоура азыҟазҵаз аҿаҵаҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп Апарламент адепутат Нодик Кәыҵниа.

Сергеи Клемантович аилахәыра "ЕЛ Петролеум-Абхазия" напхгара аиҭон. Иареи Оксана Скаредновои ыӡит 2012 шықәса цәыббрамзазы. Рыԥсыбаҩқәа ԥшаан 2013 шықәса жьҭаара 14 рзы Аӡҩыбжьа ақыҭантәи ҵеиџьк аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0