Аҟәа имҩаԥысует ақәыԥшцәа рыбжьара ашьапылампыл азы аиндаҭлара

© Sputnik Владимир БегуновАҟәатәи астадион "Динамо" аҟны ақәыԥшцәа рыбжьара ашьапылампыл азы аиндаҭлара мҩаԥысуеит
Аҟәатәи астадион Динамо аҟны ақәыԥшцәа рыбжьара ашьапылампыл азы аиндаҭлара мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи ркомандақәа фба Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны хәымш ихәмарлоит.

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik, Владимир Бегунов. Аҟәа иаатит ҭагалантәи ахраҿа агаразы ашьапылампылтә хәмаррақәа. Актәи аматч аан Цхинвалтәи акоманда "Спартак" Аҟәатәи "Динамо" иаиааиит 1:0 ҳәа. Абри атәы ааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи ркомандақәа фба Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны хәымш ихәмарлоит. Ахәмаррақәа ирылахәхоит 2004 шықәса рзы ииз. Ихәмаруеит акомандақәа: "Динамо", "ДИуСШ", "Нарт", "Гал", "Академиа ФК Краснодар", "Спартак".

"Ҳаицлабрақәа рформат ҳаԥсахуеит. Ахәмаррақәа мҩаԥаагалоит шықәсык ахь ҩынтә. Ахәмаррақәа жәларбжьаратәхоит. Иахьа ҳастадион аҟны ишәыршәыруеит атәылақәа хԥа рбираҟқәа", — иҳәеит ашьапылампылтә клуб "Динамо" апрезидент Асҭамыр Адлеиба.

Ахәмаррақәа хыркәшахоит абҵара 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0