Гәарамиа: аԥсуа школхәыҷқәа рыкрыфара иахылаԥшлатәуп

© SputnikАҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа
Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколқәа рҟны акрыфара-чара шеиҿкаау атәи уи хылаԥшра шаҭатәуи даҳзалацәажәеит Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа ҳкорреспондент Наала Аҩӡыԥҳа аинтервиу лыҭо.

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистрра иакьыԥхьит ашколқәа рҟны зыҭира ҟалои иҟамлои афатәхкқәа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа ишиҳәо ала аӡбра рыдыркылаанӡа ззин ыҟам аалыҵқәа ашколқәа рҟны ирҭиуан.

"Асеиԥш массала аилагарақәа ыҟамзаргьы, аҭыԥ рыман. Иаҳҳәап агаз змоу арыжәтәқәа, ачипсқәа уҳәа реиԥш иҟоу ахәыҷқәа бзиа ирбоит, аха аҭыжьыҩцәа зегьы рус ламысцқьала иазнеиуам. Урҭ еиҳарак аԥара ихнахуеит", — иҳәеит Гәарамиа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла Аҵара аминистрра ақәҵара анагӡашьа хылаԥшра арҭараны ирыдуп Агәабзиарахьчара аминистрра асанитар-епидемиологиатә станциа. Урҭ аамҭа-аамҭала ашколқәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргалароуп.

Аха урҭ рресурсқәа азхоны иҟам. Иара иажәақәа рыла адунеитә практика иунарбоит абри апроцесс Аҵара аминистрра алахәра еиҳа хра аманы ишыҟанаҵо.

"Убри азы ҳара иҳаӡбеит Адҵа ҭҳажьырц. Асиа ҳара иҳаднагалеит Агәабзиарахьчара аминистрра асанитар-епидемиологиатә станциа. Ҳәарада аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәагьы аҭакԥхықәра рыдуп", — иҳәоит Гәарамиа.

Асиа рыларҵәара ашьҭахь Аҵара аминистрра азыԥшуеит аамҭақәак, ашколқәа рҟны ахәыҷқәа рыкрыфарачара ишахәҭоу еиԥш еиҿыркаартә еиԥш аамҭа рыҭаразы.

"Аҭаацәагьы абри аус иалархәуп. Аҭыԥ змоу апроблемақәа рзы адырра ҳарҭоит. Ари аус аҟны ахылаԥшра зегьы еицҳахәҭоуп", — иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Акрыфарачара апроцесс ахылаԥшра ауадаҩра иалнаршоит анаплакыҩцәа ахашәала аиура рыла хнакны ишабалак ҳәа рус азныҟәара ҳәа азгәеиҭоит Гәарамиа.

Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа Sputnik Аԥсны иаиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Ахылаԥшра амеханизмқәа ируакхоит гәҽанҵарыда агәаҭарақәа, ирмаӡоу агәаҭарақәа.

"Агәаҭарақәа иаалырҟьаны рымҩаԥгара ҟалоит, иҟалоит игәарҭо зынӡаскгьы ирзымдыруазар ишгәарҭо. Зегьы ззыҟаҳҵо ахәыҷқәа ршәарҭадаразы ауп", — иҳәоит Дмитри Гәарамиа.

Иахьа аҳәынҭқарра иалшом ашколтә крыфарачара инагӡаны ахахьы агара, аха имҩаԥнагоит хәҭакахьалатәи аԥаразоужьрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0