Ҳаџьымбеи Ӷәазааи амҩатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаДмитри Ӷәазаа Рауль Ҳаџьымба дидикылеит
Дмитри Ӷәазаа Рауль Ҳаџьымба дидикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Mitjet 2L аганахьала Урыстәыла Ахраҿа занашьоу Дмитри Ӷәазаа.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Mitjet 2L аганахьала Урыстәыла Ахраҿа занашьоу Дмитри Ӷәазаа. Аиԥылараан Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит аспортсмен атәыла амҩадуқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа агәҭынчымра шизцәырнаго атәы.

"Аинтернет аҟны шәинтервиуқәа срыԥхьоит. Издыруада шәара шәеиԥш иҟоу апрофессионал иабжьгара ажәақәа џьара аӡәы иирҳаргьы. Издыруеит Гагра ихацдыркыз аусмҩаԥгатәқәа, аԥшьгарақәа ртәы. Сгәыӷуеит хра змоу алҵшәақәа роуп ҳәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

"Мызк аԥхьа Гагратәи автоинспекциа аиҳабы аҭел дысзасит. Исыдигалеит амҩаҿ ашәарҭадараз акциа аҽалархәра. Ҳәарада сақәшаҳаҭхеит. Уажәы ҳара иазҳархиеит ауснагӡатәқәа рыплан. Ҳаргьы ҳгәыӷуеит лҵшәак ҟалап ҳәа", азгәеиҭеит Ӷәазаа.

Рауль Ҳаџьымба иакәзар иҳәеит иарбанызаалак аус иахәо аԥшьгарақәа адгылара шриҭо.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырраҭарақәа рыла 2015 шықәса рзы амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны иҭахеит 66-ҩык, 2016 шықәсазы 65-ҩык ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0