Аԥсни Урыстәылеи аҳамса акразы алимит шьақәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦех по переработке хамсы.
Цех по переработке хамсы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аган ажәалагала ҟанаҵеит аԥсыӡнхамҩазы ушьҭантәи урыстәыла-аԥснытәи акомиссиа асессиа Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл, ақалақь Севастополь имҩаԥгахарц 2017 шықәса абҵарамзазы.

АҞӘА, абҵара 8 — Sputnik. Аԥсыӡнхамҩазы акомиссиа 2016-2017шш. рзы аҳамса акра алимит 40 000 тонна ыҟазааит ҳәа ишьақәнаргылеит. Абри атәы аанацҳауеит Росрыболовство апресс-маҵзура. Акомиссиа аилатәараан иалацәажәеит Азово-мшынеиқәатә бассеин аҟны аҳамса амаҷхаразы аинформациа.

"Акомиссиа ирыдыркылеит аӡбра Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраӡқәа иахьрыҵаркуа аҳамса 40 000 тонна иреиҳамкәа иркларц", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Убри адагьы ирыӡбеит аамҭаказы аԥсыӡ зкуа аӷбақәа рхыԥхьаӡара 20 цыра рҟынӡа идыркьаҿырц. Аԥснытәи аган иаҳәеит ишазыхиоу урыстәылатәи аӷбақәа аԥснытәи аформақәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шеиҿнакаауа.

Аусура ахыркәшамҭазы Урыстәылатәи аган ажәалагала ҟанаҵеит аԥсыӡнхамҩазы ушьҭантәи урыстәыла-аԥснытәи комиссиа асессиа Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл, ақалақь Севастополь имҩаԥгахарц 2017 шықәса абҵарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0