Ҭраԥшь: Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьа Трамп изы ихадарахом

© AFP 2023 / JIM WATSONДональд Трамп Америка апрезидентс далхуп
Дональд Трамп Америка апрезидентс далхуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дональд Трамп Америка апрезидентс иалхра инадҳәаланы Николаи Ҭраԥшь иазгәеиҭоит ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа еиҭакра дук роуп ҳәа дшыҟам.

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьа Трамп изы ихадарахом ҳәа азгәеиҭоит аполитолог Николаи Ҭраԥшь.

"Қырҭтәыла апроблема Трамп изы ихадароу акы акәым. Раԥхьа иргыланы алхыҩцәа иҟаиҵоит ҳәа зызреиҳәаз неигӡароуп атәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа аиӷьтәразы. Уи адагьы Урыстәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа аҭыԥ иқәиҵар ауп", — иҳәоит аполитолог.

Николаи Ҭраԥшь инаҵшьны иазгәеиҭеит Трамп изы ихадоу зҵаараны ишыҟалоу Шьамтәыла, Мрагылара ааигәа, иҟалап Украина ҳәа.

"Қырҭтәыла акәзар, даара ԥсахрак ҟалоит ҳәа угәыӷыртә иҟам. Аҵакырадгьылтә акзаара адгылара шаанхац иаанхоит, иара убри аан уаанӡеиԥш хара-бӷьара аԥаразоужьрақәа аанкылахар алшоит", — иҳәеит Ҭраԥшь.

Аексперт иазиԥхьаӡоит Дональд Трамп президентс иҟалара Америкатәи аштатқәа рыдәныҟаполитикатә усура даараӡак иаԥсахуам аиҳаракгьы Урыстәыла аганахьала ҳәа.

"Сара исыԥхьаӡаӡом Трамп мессиак иҳасабала дҟалап ҳәа. Ҳара зегьы ибзианы иаадыруеит алхрақәа раантәи ақәгыларақәеи настәи аԥсҭазаареи аиԥшымзаара дуқәа шрымоу. Дарбанызаалак апрезидент раԥхьа иргыланы иҳәынҭқарра аинтересқәа роуп дзыдгыло. Уажәазы Америкатәи аинтересқәа рахь иаҵанакуеит Урыстәыла амч аҽарҭбаара алмыршара", — иҳәоит аексперт.

Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа рганахьала Николаи Ҭраԥшь иҳәоит, урҭ иаарласны иаанкылахап ҳәа ушымгәыӷша.

"Иаарласны асанкциақәа раанкылара ҟалом. Зегь рхадараҿы иҟоу Урыстәыла аганахьала ԥхьаҟатәи аполитика ашьақәыргыларазы иара Америка анапхгаратә класс аҩныҵҟа ирыдыркыло аӡбра акәхоит", — иҳәеи иара.

Николаи Ҭраԥшь иҳәоит асанкциақәа Украина аума, Шьамтәыла аума ишрыдҳәалам. Асанкциақәа алагалоуп Урыстәыла арԥсыҽразы.

Асанкциақәа рызҵаара ахьыԥшхоит Трамп икоманда урҭ хра рыманы ирбоу ирымбоу ала.

"Асанкциақәа хра рыманы ирбар – иаанрыжьуеит", — иҳәеит иара.

Ҭраԥшь иҳәоит Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа америкатәи аполитикцәа Урыстәыла аҿиара аԥырхагахаразы рхы иадырхәалоит ԥхьаҟагьы ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0