"Агәыҳалалра аурок" ашколқәа рҟны имҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Агәыҳалалра аурок" ашколқәа рҟны имҩаԥыргеит
Агәыҳалалра аурок ашколқәа рҟны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥшьгаралеи Аԥсны Аҵара аминистрра адгыларалеи ареспублика ашколқәа рҟны имҩаԥысит "Агәыҳалалра аурок".

АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аҟны Агәыҳалалра амш аҽны иалацәажәон абзиеибабара, агәыҭбаара, аизыҟазаашьа бзиақәа, иеизыргеит "Копилка добра".

Ари акопилка ашколхәыҷқәа рнапала иҟарҵеит, афонд "Ашана" ашҟа инарышьҭит.

"Хышықәсоуп ҳашкол абри акциа аҽаланрхәуеижьҭеи. Шьыжьы инаркны аклассқәа зегьы рҟны имҩаԥган агәыҳалалра иазку аицәажәарақәа. Абри амш ҩымш шагыз ашкол афоие аҿы иҳаргылеит "Копилка добра" захьӡу аизгарҭа. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ишрылшоз ала еизыргеит аԥара. Ҵыԥх ҳашкол еизнагеит 28 000 мааҭ аԥара. Сынтәагьы еиҵахарым ҳәа сыҟоуп", — лҳәоит ашкол адиректор лхаҭыԥуаҩ Инга Конџьариаԥҳа.

"Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥшьгарала, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адгыларала абҵарамзазы Аԥснытәи ашколқәа зегьы рҟны имҩаԥгахеит акциа "Агәыҳалалра аурок". Акциа еиҳарак изызку ахәыҷқәа ауаҩытәыҩса бзиа ибареи ицхраареи рылааӡароуп, ацәгьеи абзиеи еилдырго рыҟаҵароуп. Есышықәса ҳакциа адгылара арҭоит Аԥснытәи ашколқәа. Еизырго аԥарақәагьы ҳфонд ахь инарышьҭуеит. Урҭ аԥарақәагьы хәыҷык игәабзиара ашьақәыргылара иацхраар ауеит", ҳәа лҳәоит Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аменеџьер Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Сара арахь иаазгеит амаҭәақәеи ахәмаргақәеи. Иара убасгьы смс ала аԥара насышьҭит афонд ахьӡала. Агәамбзиара змоу ахәыҷқәа зегь ҳрыцхраалароуп", — лҳәоит аҵаҩы Кристина Чагәааԥҳа.

Мактина Џьынџьалԥҳа иеиҭалҳәеит "Агәыҳалалра аурок" авариант рацәа шамоу – ишалшо имҩаԥгазарц азеиԥшшколтә уснагӡатәқәа, акласснҭыҵтәи ауснагӡатәқәа, ацәыргақәҵақәа, алитературатә ԥхьарақәа, аиндаҭларақәа, авикторинақәа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку, фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит. Афонд 2008 шықәсазы ацхырааратә програамақәа фба рыла аусура иалагеит. Иахьа "Ашана" аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәырҭақәа рахь ахәыҷқәа рышьҭра иацхраауеит, уажә ааигәа Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа уҳәа атәылақәа рахь ахырхарҭа ҿыцқәа аадыртит.

Ажәабжьқәа зегьы
0