Адлеиаԥҳа: арҵаҩцәа рҟазара игәоуҭартә иҳаракхеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАқалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа арҵаҩцәа рконференциаҟны дықәгылеит
Ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа арҵаҩцәа рконференциаҟны дықәгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи "Аԥснытәи аҵаратә салон" аатит Аҟәа, аԥшьаша, абҵара 17 рзы.

АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иаагәоуҭартә ареспублика арҵаҩцәа рҟазара еизҳаит ҳәа азгәалҭеит ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа арҵаҩцәа рконференциаҟны дықәгыло.

"Аҟәа азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа рырҵаҩцәа жәларбжьаратәи аконференциақәеи, асеминарқәеи ҳәарада рзанааҭтә ҟазара еизнарҳауеит", — лҳәеит Адлеиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит иахьазы Аҟәа ишыҟоу ашколқәраҟынӡатәи аҵараиурҭақәа 13, ашколқәа 16. Лара лажәақәа рыла арҵаҩцәа иманшәаланы аус руртә ахәыҷқәа аҵара ддырҵартә аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥҵоуп апроект ҿыцқәа: "Одаренные дети", "Мой выбор-здоровье", ахәыҷтәы лагер "Маяк" ҳәа еиҭалҳәеит Адлеиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0