Пушилин: Аԥсны аԥышәа акыр иаҳзыхәарҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДЖәР Жәлар Рхеилак ахантәаҩы Денис Пушилин
ДЖәР Жәлар Рхеилак ахантәаҩы Денис Пушилин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа иааит ДЖәР (ДНР) Жәлар Рхеилак ахантәаҩы Денис Пушилин зхадараҟны дыҟоу ареспублика аделегациа.

АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Донецктәи Жәлар республика  Аԥсны аҿырԥшала аҿиара амҩа иқәлароуп ҳәа иҳәеит  аԥшьаша, Аҟәа имҩаԥысыз абрифинг аҟны ДЖәР (ДНР) Жәлар Рхеилак ахантәаҩы Денис Пушилин.

"Донецктәи Жәлар республика, Лугансктәи Жәлар рреспубликеиԥш Украина аганхьала аекономикатә блокада адҟаҵалоуп. Абри аҭагылазаашьаҟны аекономика аиҭашьақәыргылара акыр иуадаҩуп. Аинвестициақәа радыԥхьалара еиҳагьы ауадаҩра аҵаны иҟоуп. Араҟа Аԥсны ҿырԥшыганы ҳахәаԥшуеит. Ҳара иаадырыр ҳҭахуп шәара аблокада ишәыдҟаҵалаз шәшаиааиз.  Иаҳҭахуп шәԥышәа шәымаадарц", — иҳәеит Пушилин.

Аԥсны иқәынхо ажәлар хьаа дуны ирымоуп  Донецктәи Жәлар республика зҭагылоу иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба.

"Ҳара аинтерес ҳаман ҳашьклаԥшит  шәара шәҟны иҟоу ахҭысқәа. Минсктәи аиҿцәажәарақәа рцашьагьы ҳашьклаԥшуеит избанзар ҳаргьы иаҳхаагеит урҭ агәаҟрақәа.  Ибзианы иаадыруеит аҭынчра ауаҩы изы иаанаго", — иҳәеит Бганба.  Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп  Денис Пушилини  Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0