Аетнолог: аӡӷаб илразҟхоз ԥхыӡла дылбон адаӷь еҵәа лхы иаҵаҵаны дыцәар

© Sputnik / Леон ГунияЭлисо Сангулия.
Элисо Сангулия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуаҩ Елисо Сангәлиаԥҳа дазааҭгылеит аԥсуа чара иадҳәалоу амагиатә ритуалқәа.

Елисо Сангәлиаԥҳа Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭалҳәеит аԥсуа чара аан имҩаԥыргоз аҵасқәа.  

– Елисо, иарбан магиатә ҵасқәоу аԥсуа чара иадҳәаланы имҩаԥыргоз ажәытәан, насгьы иахьа еиқәханы иҟоу?

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Иахьа иаҳцәыӡуа ҳазлагаз аҭаацәаара аԥҵара атрадициақәа

– Ажәытәан, аԥсуа чара хыԥхьаӡара рацәала амагиатә ритуалқәа адҳәалан. Иаҳҳәап, ажәытәан аҭаца даныргоз уахынла акәын, ԥҳәысҳәарагьы ицон ахәылбыҽха, ус зыҟарҵоз амч еиқәаҵәақәа аус иаԥырхагамхарц азы ауп. Аҭаца алаԥш дацәырхьчарц азы, уи лхы-лҿы акасыш еиқәаҵәала ихырҩон. Иахьатәи аҿар еиҳарак ирыздырӡом ҳҵасқәа ажәытәра иагәылсны ишаауа. Иаҳҳәап, аҭаҵаҩызеи ахаҵаҩызеи рышьҭыхра аҵас иахьа акәӡам ианцәырҵыз. Ари аҵас Ажәытә Рим аҟынтәи иаауеит. Еиԥшымзаарас иҟоу уи ауп, иахьа ҩыџьа ракәзар иҟоу, уаанӡа аҭацаҩызцәеи ахаҵаҩызцәеи рхыԥхьаӡара рацәан, ганцыԥхьаӡа жәаҩык рҟынӡа неиуан. Аҭацаҩызцәа аҭаца леиԥш рҽеиларҳәон, ахаҵаҩызцәа ахаҵа иеиԥш. Иахьа уи аҵас иеиԥшу аҷыдарақәа ҳԥылоит, иаҳҳәап, аҭацаҩызцәа иеиԥшу маҭәала рҽанеиларҳәо ыҟоуп.

– Иҟоума аҵасқәа иахьанӡа имааӡаз?

– Иҟоуп иахьа имҩаԥырымго аҵасқәа. Иаҳҳәап, ачара аҽны, ма уи ҽнак шагу, аӡӷаб лыҩнаҭаҿы амца иамҵахырхәон. Ари аритуал абас имҩаԥыргон, аҭаца лан лыԥҳа амцаҿы дналгон, нас "Ажьаҳара" диҳәон аҩны ахәшҭаара аҟынтәи лхы дақәиҭылтәырц.

Ажьаҳара – ари аҩны ахәшҭаара иахылаԥшуа анцәахәы иакәын. Амца иадҳәалаз аҵасқәа даара ирацәан. Урҭ рахьтә ачара аҽни уи ашҭахьи аҭаца ахәшҭаара лакәыршара. Анцәахәы "Ажьаҳар" имҵаныҳәон аҭаца "аҩн-ду" ахь даннаргоз, ачара ашьҭахь 15 мшы анҵлак, уи иҳәон аҭаца лжьоура бзиахарц азы.
 
– Избан аҭаца аҩны даныҩнаргало ахаареи араӡны-ԥареи злықәрыԥсоз?

– Ари аҵас имаҷымкәа ажәларқәа ирыман, уигьы амагиатә ҟазшьа амоуп. Ишаадыруа еиԥш, аҭаца амҳара ахь днаргон.  Амардуан аҿы, анхәа, мамзаргьы зықәра неихьоу даҽа ԥҳәыск аҭаца хынтә дгәыдылкылон, нас хынтә длыкәшон. Нас, аҭаца аҩн-ду ахь днаргон, уаҟа амца ду еиқәын. Аҩны даныҩналалак аҭаца ахыӡи акәҭаӷьи зныз асаара лырҭон. Уи ахәыӡ каԥсо хынтә амца дакәшон, уи ашьҭахь аҭаца амҳарахь дыргон. Амардуан аҿы уи араӡнытә ԥареи ахаареи лықәырԥсон. Ахаара лықәырԥсон, уи лыԥсҭазаара хаахарц азы, араӡнытә ԥара азынархан аҭаацәаратә маншәалареи, аҩнаҭаҿы ак рыгымкәеи иҟаларц азы. Ачараҿы ахысра амч-еиқәаҵәақәа рыршәара иазкуп.

– Аӡӷаб илраз ҟхараны иҟаз дылдырыр шԥалшоз?

– Иҟоуп еиуеиԥшым авариантқәа, аха зегь реиҳа ахархәара аман ахәажәқәа рыӡра. Урҭ аныҟарҵоз аҵаара рацәаны иарҭон. Ари аҵас еиҳарак хәажәкыра амз азы акәын ианымҩаԥыргоз. Ахәылбыҽха аҿар еиҳарак аӡӷабцәа ҩнык аҿы еизон. Ауха икәашон, ишәаҳәон. Хаҵа имцац аԥҳәыс даара иҵааз ахәажәқәа ҟалҵон, нас зегь фба-фба цыра рылҭон. Аӡӷабцәа ажәак мҳәаӡакәа хы-мҩак ахьеихагылаз ицаны ахәажәқәа хԥа идыршәуан, иаанхаз хԥа рыхчы иаҵарҵон. Нас ахәажәқәа ҵаақәа анырфалак ашьҭахь, аӡба иакуан, аха иржәыр ҟалаӡомызт. Урҭ аныцәалак ԥхыӡла аӡы рызҭоз аԥхьаҟа дырразҟхон ҳәа ирԥхьаӡон. Иара убас, адаӷь еҵәа кны рыхчы иаҵарҵон ирразҟхараны иҟоу ԥхыӡла дырбарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0