Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа агәыҳалалратә цхыраара аадырԥшит

Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа агәыҳалалратә цхыраара аадырԥшит
Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа агәыҳалалратә цхыраара аадырԥшит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи аԥсуа школ №1 аҵаҩцәа, ҩаԥхьа агәыҳалалратә цхыраара аадырԥшит.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 5 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи аԥсуа школ ахәыҷқәа, хаҭала иаадырԥшыз аԥшьгарала, ҩаԥхьа агәыҳалалратә акциа рхы аладырхәит.

Аԥсуа школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ирылшоз ала, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоу аҭаацәарақәеи ахшара рацәа ахьыҟоуи рзы еидыркылеит ирылшоз амаҭәа, иԥхасҭамхо афатә, ахәмаргақәа, ашәҟәқәа. Анаҩс ашкол ахь ааԥхьара рыҭан, агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" ахаҭарнакцәа, еизыргаз зегьы еиҳа изыхәҭаны ирԥхьаӡо аҭаацәарақәа, Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалаз ирзыршарц.

"Аиашазы, Аԥсны имаҷӡам, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоу аҭаацәарақәа. Ҳашколхәыҷқәа иаадырԥшыз агәаҳәарала, мышқәак ирылагӡаны еизган афатәи ашәҵатәи. Иааиуа аныҳәа аламҭалаз, иаҳҭахыуп, урҭ заҭәаршьараны иҟоу ахәыҷқәа рхарҿы рхаччарц. Ас еиԥш иҟоу агәыҳалалратә акциақәа, Гагратәи аԥсуа школ №1 лассы-лассы иалахәуп. Ааигәа, ҳашкол аҟны имҩаԥысуаз аразра амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҷыдала ишьақәыргылаз аурнаҟны еизган 21 нызқь инахыҳәҳәо аԥара. Уи ҳшьҭит акультуратә-агәыҳалалратә фонд "Ашанахь", згәабзиара уашәшәыру ахәыҷқәа рыхәшәтәразы",  — лҳәеит Гагратәи аԥсуа школ №1 арҵаҩы Мактина Сыҷынаа.

Агәыҳалалратә акциа иалахәыз ахәыҷқәа ракәзар, абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа лассы-лассы имҩаԥысларц рҭахыуп.

"Ҳҩызцәеи ҳақәлацәеи лахьеиқәҵарак рымамкәа аԥсҭазаара еигәырӷьаларц, аҵара бзианы ирҵаларц ҳҭахыуп. Иахьа еизаҳгаз амаҭәеи ахәмаргақәеи знапаҿы инеиуа, ахәыҷра ссир рымазааит» — рҳәеит акциа алахәцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0