Ԥшьышықәса зхыҵуа Нестор Зарандиа ацхыраара иҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукԤшьышықәса зхыҵуа Нестор Зарандиа
Ԥшьышықәса зхыҵуа Нестор Зарандиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшьышықәса зхыҵуа Нестор Зарандиа иҭаацәа ишрылшо ала рыҷкәын ицхраауеит. Нестор хәыҷы ДЦП имоуп. Уажәы иара Аҟәатәи ареабилитациатә центр аҟны аиҭашьақәыргыларатә процедурақәа дырхысуеит, аха иара Москваҟа дцаны зыхә дуу атерапиа дахысроуп. Sputnik акорреспондент Амра Амҷыԥҳа дырҭааит Нестор иҭаацәа.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа.

"Шәыҽшәырӷәӷәа, шәхәыҷы ДЦП имоуп", ҳәа аҳақьымцәа рҟынтәи аҭаацәа ҩынтәын ираҳауеижьҭеит.

Маҷара инхо Зарандиаа рҭаацәараҟны 14 шықәса раԥхьа диит аӡӷаб. Шықәсык ашьҭахь диит аԥа – Нестор. Шықәсыбжак ааҵуаны аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәеит: ДЦП имоуп ҳәа.

Абри ашьҭахь шықәсқәак ааҵуаны аҭаацәараҿ деиҭаит аԥа, Нестор. Уигьы ДЦП иманы. Аҳақьымцәа ишырҳәо ала Нестор ичымазара аформа реиҳа иуадаҩқәоу иреиуоуп.

Нестор иан Илона еиҭалҳәоит: "Нестик аҭаацәа зегь ҳаидыруеит. Иаҳәшьа ашкол аҟынтәи данаауа длеигәырӷьоит, иашьеи иареи еицыхәмаруеит. Даара бзиа ибоит амультфильмқәа. Амла данакуа лаԥшыла, напыла асаан ҳирбоит, афатә ахь ҳирԥшуеит", ҳәа.

Нестор хәыҷқәа иҭаацәа ирылшо ҟарҵоит иара ибзазара маншәалан аиҿкааразы, аха амедицина аганахьала иҭахрақәа рыҵагылара рцәыуадаҩуп.

Илона, ҳәарада аусурахь дызҭыҵуам, иаб иара уа аҩны ашҭаҟны иргылаз ажьирҭаҿы аус иуеит. Ԥшьышықәса рыҩныҵҟа аҭаацәа ирзалмыршеит ахәыҷы хәышәтәра ҳәа аҳәаанырцәҟа игара.

"Имацара акрифартә иҟалозар ишьапы дықәгылартә дҟалар – ҳара ҳзы инасыԥын", — лҳәоит Илона.

ДЦП змоу ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аспорт акыр еиӷьнатәуеит - Sputnik Аҧсны
Колосова: сара саршанхеит аспорт ахәыҷқәа ирнаҭо анырра анызба

Аҟәатәи ареабилитациатә центр аҟны заҵәык ауп арҭ реиԥш иҟоу ахәыҷқәа цхыраарак рырҭар ахьалшо. Арахь ДЦП змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 700-ҩык рҟынӡа ыҟоуп.

Ареабилитолог Ахра Чиковани иҳәоит Нестор аԥхьа дгәамҵуазар апроцедурақәа раан, уажәы иҳақьым дидыруа далагеит ҳәа.

"Нестор ҳәарада Москва ахәышәтәра дахысроуп. Ҳара ҳҟны 15 мшы роуп асеанс анымҩаԥааго. Уи азхом", — иҳәоит Чиковани.

Аҳақьым иажәақәа рыла арҭ асеансқәа зынӡа ишазымхогьы, Нестор данааргаз аасҭа деиӷьуп.

Зарандиаа рҭаацәа рыцхрааразы афонд "Ашана" ирыланаҳәеит аԥареизгара. Афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла Нестор идкылара ишазыхио Москва, Ахәыҷтәы ԥсихоневрологиа ацентр аҟны.

"Ари ацентр Урыстәыла иҟоу иреиӷьуп. Уаҟа ахәыҷқәа аус рыдырулоит арҵаҩцәа, аԥсихологцәа, алогопедцәа", — лҳәоит лара.

Нестор иани иареи Ацентр аҟны 21 мшы иҟалоит. Ахәышәтәразы иаҭахуп 347 000 мааҭ аԥара.

Ахра Чиковани иҳәоит Москватәи аҳақьымцәа "ареабилитациатә маршрут" аназдырхиалак ашьҭахь аҭыԥантәи аҳақьымцәа уи иқәныҟәаны ахәышәтәра мҩаԥыргалон ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0