Аинвалидцәа – урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, ахәшәқәа хәыда-ԥсада рыҭара иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАинвалидцәа рзы ацхыраарақәа ирыцҵахоит
Аинвалидцәа рзы ацхыраарақәа ирыцҵахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулин иԥылара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Актәи, аҩбатәи, ахԥатәи агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәа, АЕД (ВОВ) алахәылацәа, Афгантәи аибашьцәа, Чернобль ацхыраара зуаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа – урыстәылатәи атәылауаҩра змоу — ахәшәқәа хәыда-ԥсада рыҭара иалагоит, иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулин иԥылараан.

"Урыстәыла иатәылауаау аинвалидцәа зегьы хәыда-ԥсада ахәшәқәа роулоит, уи аганахьала иахәҭоу Аиқәшаҳаҭра анапы анаҵаҩхалак ашьҭахь. Ашәҟәқәа рхианы Урыстәылаҟа иҳашьҭраны ҳаҟоуп", — иҳәеит иара.

Адыррақәа Москваҟа инашьҭхароуп 2017 шықәса хәажәкырамзанӡа.

"Афинансқәа рминистрраҟны иныҭкааны иҭырҵаауеит аҭагылазаашьа. Убри азы иҵаҵӷәырку асиа шьақәҳаргылароуп. Иахьазы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа рнапы зҵаҩу Аиқәшаҳаҭра ду инацҵаны анапы рыҵаҩуп асоциалтә цхыраара иазырхоу аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы", — иҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулин.

Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы уажәнатә аԥарақәа азышьҭаҵоуп.

"Дарбанызаалак Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩ, Урыстәыла аҳәаанхыҵтәи атәылауаҩшәҟә змоу азин имоуп Урыстәыла инхо ауаа реиԥш амедицинатә цхыраара аиура. Иара илшоит иарбанызаалак урыстәылатәи аполиклиникахь адҵаалара", — иҳәеит Гулин.

Аԥыжәарақәа ирыҵаркраны ишьақәыргылоуп: урыстәылатәи атәылауаҩра змоу актәи, аҩбатәи, ахԥатәи агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәа, АЕД (ВОВ) алахәылацәа, Афгантәи аибашьцәа, Чернобль ацхыраара зуаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0