Аԥсихологиа иазку амонографиа ҿыц ҭыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсихологиа иазку амонографиа ҿыц ҭыҵит
Аԥсихологиа иазку амонографиа ҿыц ҭыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсихолог Беслан Ҳашба игәҭакуп Аԥсны иазырханы адунеитә ԥсихологиатә тестқәа рышьақәыргылара аус адулара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҳақьым-аԥсихотерапевт, аԥсихолог Беслан Ҳашба имонографиа "Диагностика и терапия депрессии" ҭыҵит Москва.

Автор Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит аусумҭа аԥсихологцәеи, аԥсихотерапевтцәеи, астудентцәеи рзы ихәарҭаны ишыҟало.

"Амонографиа адепрессиа атематика иазырхоуп. Атема акыр иҭбаауп. Зегь иаразнак иааидкыланы алацәажәара уадаҩуп, убри азы иахьатәи аамҭазы адунеи аҟны еиҳа иззаҭгыло алацәажәара сҽазыскит, алитература хаҭәаа аазгеит", — иҳәеит Ҳашба.

Иара иазгәеиҭеит амонографиа хышықәса инарзынаԥшуа аус шадиулоз. Аҭҵаарақәа мҩаԥигон Урыстәылеи Аԥсни.

"Сара схатәы ҭҵаарақәа сыман. Урҭ мҩаԥызгон Москва. Иҭысҵаауан аграждантә авиациа аԥрыҩцәа, урҭ рыԥсихологиатә ҭагылазаашьа. Егьырҭ адыррақәа Аԥсны имҩаԥызгон. Араҟа иҭысҵаауан аррамаҵзурауаа, аҿар, аиҳаракгьы арратә госпиталь аҟны аҽыхәышәтәра иахысуаз. Иара убасгьы Аԥснытәи аполиклиникақәа ҩба рҟны аучот иқәгылоу ауаа", — иҳәеит Ҳашба.

Аԥсихолог Беслан Ҳашба игәҭакуп Аԥсны иазырханы адунеитә ԥсихологиатә тестқәа рышьақәыргылара аус адулара.

Беслан Ҳашба аус иуеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь аҟны, амедицинатә наукақәа дыркандидатуп, 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0