Аԥснытәи аинвалидцәа-ампутантцәа ашьапылампылтә хәмаррақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥснытәи аинвалидцәа-ампутантцәа ашьапылампылтә хәмаррақәа мҩаԥыргоит
Аԥснытәи аинвалидцәа-ампутантцәа ашьапылампылтә хәмаррақәа мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аинвалидцәа-ампутантцәа еизгоу ркоманда ахәмарыҩцәа раионцԥхьаӡа аиԥыларақәа мҩаԥыргоит.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Пхынҷкәын 3 рзы, адунеи аҟны иазгәарҭон аинвалидцәа-ампутантцәа жәларбжьаратәи рымш. Уи инамаданы, арҭ амшқәа рзы, акциа аҳасабала, Аԥсны аинвалидцәа-ампутантцәа еизгоу ршьапылампылтә команда ашьапылампылтә хәмаррақәа мҩаԥыргоит.

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, раԥхьатәи ашьапылампылтә хәмарра мҩаԥысит Каладхәаратәи аинтернат аҟны.

"Сынтәа 14 шықәса ҵит, Аԥсны аинвалидцәа-ампутантцәа ршьапылампылтә команда шьақәгылеижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны, изныкымкәа ҳтәылаҟны имҩаԥысхьеит аинвалидцәа-ампутантцәа рзы аспорттә еицлабрақәа. Ҳара ҳакәзаргьы, ааԥхьарақәа ҳарҭон Урыстәыла арегионқәа жәпакы рахь", — иҳәеит Аԥсны аинвалидцәа-ампутантцәа ршьапылампылтә Федерациа Ахада Џьамал Барцыц.

Аԥснытәи аинвалидцәа-ампутантцәа ашьапылампыл анаҩс изныкымкәа еицлабхьеит аҽтәы спорти аԥкьаҭ асреи рҿы.

"Ҳара хықәкыс иҳамоуп, ауаажәлар ҳамаха-ҳашьаха шеибгамгьы, ихарҭәааны аԥсҭазаара ҳҽалаҳархәар шҳалшо дырбара", — рҳәоит ашьапылампылтә хәмарра иалахәу аинвалидцәа-ампутанцәа.

Иҳаҩсыз 2016 шықәса иалагӡаны аинвалидцәа-ампутантцәа Аԥснытәи еизгоу ршьапылампылтә команда алахәын Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахраҿа агаразы Пицунда имҩаԥысуаз ашьапылампыл асразы жәларбжьаратәи атурнир, иара убас Чечентәыла, Кавказ ахраҿы агаразы имҩаԥысуази аицлабра.

"Аиашазы, аԥхьахә ҳамгеит, аха уи акәым ихадароу. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит, аҩаӡара ҳаракы змоу, аспорт азҟазацәа арацлабра, аԥышәа рымадара", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит, аинвалидцәа-ампутантцәа еизгоу аԥсуа команда азыҟаҵаҩ Џьамал Барцыц.

Иахьа, Аԥснытәи аинвалидцәа-ампутантцәа иаҳдарбоит, ауаҩы имаха-ишьаха еибгамзаргьы – дыбжамҽамуп ҳәа аҳәара шиашам. Акциа мҩаԥысуеит, Аԥсны аспорттә Хеилак ацхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0