Гагратәи ансамбль "Афырҭын" агастрольтә мҩа иқәлоит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ансамбль "Афырҭын" агострольтә мҩа иқәлоит
Гагратәи ансамбль Афырҭын агострольтә мҩа иқәлоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" агастрольқәа аманы Урыстәылаҟа амҩа иқәлоит.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ԥхынҷкәын 10 рзы, Гагратәи ахәыҷтәы ахореографиатә ансамабль "Афырҭын" аиҳабыратәии аиҵбаратәии агәыԥқәа, агастрольқәа рыманы Санкт-Петербурги Уфеи рахь амҩа иқәлоит. Уаҟа дара рҽаладырхәоит афестиваль аконкурсқәа.

"Ансамбль "Афырҭын" аиҳабыратәи агәыԥ ааԥҳьара амоуп Уфа имҩаԥысраны иҟоу, Башкириатәи ателерадиоеилахәыра "Боит" аԥхьахә агаразы жәларбжьратәи афестиваль еицлабрахь. Уаҟа ҳара иқәҳаргылоит акәашарақәа ҩба – "Аԥсуа милаҭи" "Ашьхарыуаа рыкәашареи", — иҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Лев Қьецба.

Аиҵбарытәи агәыԥ акәзар, иалахәхоит Санкт-Петербург еиҿкаахо жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Гранд-Премиум".

"Ари аицлабрахь ааԥхьара рымоуп иреиӷьу акәашаратә коллективқәа, иҳаҩсуа ашықәс иалагӡаны "Гран-Прии" актәи аҭыԥқәеи ирыԥсахаз", — ҳәа иҳәеит, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба.

Ансамбль "Афырҭын" аиҵбаратәи агәыԥ, жәларбжьаратәи афестиваль "Жәлар рхыҵхырҭа" аҟны "Гран-При" иаԥсахахьан. Убри инамаданы, иааԥхьан зыӡбахә ҳҳәо афестиваль ахь.

Санкт-Петербург, Гагратәи акәашацәа, афестиваль аартра аҽны инарыгӡоит акәашара "Аураашьа". Аицлабра актәи атур аан иқәдыргылоит "Аварцәа ржәытә кәашара". Аҩбатәи атур аан – инарыгӡоит "Бзыԥаа рыкәашара".

"Ҳара иаҳҭахыуп ҩаԥхьа ҳаԥсадгьыл ахьӡ ҭаҳгарц. Ҳамч еибыҭаны иҳалҳаршарц ҳгәиҭоуп аԥхьахә агара", — рҳәеит артистцәа қәыԥшцәа.

Ансамбль "Афырҭын" асахьаркыратә напхгаҩи акәашацәеи иҭабуп ҳәа рарҳәоит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи уи ихаҭыԥуаҩ Геннади Цәыџьбеи рганахь иаадырԥшыз ацхырааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0