Светлана Алшәындба: аҭаца дшырныҳәо еиԥш лыԥсҭазаара шьақәгылоит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳааамҭала аныҳәарақәа мҩаԥызгоз Светлана Алшәындба
аамҭала аныҳәарақәа мҩаԥызгоз Светлана Алшәындба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа амарҭаҭратә қьабзқәа ныҟәыргон, урҭ еиқәырханы иҟоуп иахьагьы. Уахь иаҵанакуа аныҳәарақәа рацәоуп, ихадарангьы иԥхьаӡоуп аҭаца лныҳәара иара убас асаби иныҳәара.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 

Уи мҩаԥызго аныҳәаҩ ихатәроу ԥҳәысуп, дызланхо ауааԥсыра рыгәрагара лымоуп, дыԥҳәыс разуп, дқьиоуп. Лара лнапы иануп ҿыц иаанаго аҭаца, ма асаби иныҳәара.

Дарбанзаалак аныҳәаҩ, аныҳәара ихатәы кәама-ҵамақәа алеигалоит. Урҭ дрылацәажәеит, аамҭала аныҳәарақәа мҩаԥызгоз Светлана Алшәындба.

"Аныҳәара шоит ҩбаны: "Адәныҟәа", "Ажьаҳара" ҳәа. "Адәныҟәа" захьӡу уи ауп: аҭаца дахьаанаго аҩнаҭа ма асаби дахьиуа иԥсхьо ыҟоуп, убарҭ рыԥсылаԥш рмаахартә ԥырхага рырымҭартә рныҳәара.

"Ажьаҳара" захьӡу – иаанаго аҭаца ҿыци, мышкызны изызҳауа асабии еизҳаратәы, ахшара роурц, иманшәалахарц рныҳәара ауп", — ҳәа азгәалҭеит Светлана Алшәындба.

Аныҳәаҩ лажәақәа рыла, арҭ аҩ-ныҳәарак ҽнак еицыҟарҵоит, ашәахьала ма хәашала. Асаби имацара дырныҳәозар, усҟан ахәашалоуп аныҳәара анымҩаԥырго. Иахьазы, ақалақь аҟны даара имаҷҩуп ас еиԥш иҟоу ақьабз ныҟәызго. Ақыҭауаа ракәзар, дара рзы уи хымԥадатәиуп.

Светлана Алшәындба иаҳзеиҭалҳәеит, "Адәныҟәеи" "Ажьаҳареи" амҩаԥгара апроцесс.

"Адәныҟәа" аныҳәаразы иршьуеит акәтажәқәа ҩба. Изшьогьы аныҳәаҩ лоуп, хынтә-хынтә арымарахьтә арыӷьарахь аҭаца ма асаби рхы иакәыршаны, дныҳәаны арымарахь шәхы хазар шәеиқәҵәины арыӷьарахь шәеихо, ԥсы ыҟазар рылаԥш шәмаахо, ԥырхага шәырымҭо ҳәа лажәа иналаҵан илшьуеит.

"Ажьаҳаразы" иршьуа имҵац акәтоуп. "Адәныҟәазы" ҩба ршьуазар, ара акоуп. Акәтқәа еицыржәӡом, акәтажәқәа хазы ачуан иҭарҵуеит, егьы хазы. Убас хаз-хазы ирчаԥоит, акәтыжь еиларҵаӡом. Анаҩс аилаџь руоит, уи иаларҵоит х-кәтаӷьк жәны, иҟарҵоит арашы сызбал, аԥсуа чысхкқәа жәпакы. Афатә анымазеихалак, ацәашьы аркны, аҭаца ма асаби хынтә-хынтә арымарахьтә арыӷьарахь рхы иакәыршаны иубылуеит. Аҭацеи асабии еицуныҳәозар, аҭаца аҟәардә дықәтәар алшоит, лхала лакәзар, усҟан длаҟәны дтәоит. Аилаџь иалоу ах-кәтаӷьк аҭаца лхала илфароуп", — ҳәа ҳаиллыркааит аныҳәаҩ.

Аныҳәара ахьымҩаԥысуа амаҵурҭаҟноуп. Анаҩс, аҭаца ланхәа, ишьыз акәтқәа ирыцрыҵыз, асаан ишану уахь ачысхкқәа иреиӷьу ахәҭақәа налаҵаны, аҩи ауаҭкеи литрабжак налаҭәаны, дхьамԥшӡакәа, ашҭа иҭыганы илгоит, изну ачысмаҭәа шацу хара инаргыланы, еиҭа дхьамԥшӡакәа дгьежьуеит. Ари аҵас ишаԥу ала, аусмҩаԥгатәқәа зегь рышьҭахь, аныҳәаҩ аҳамҭа лыҭатәуп, ажәытәан ампахьшьи асапани ракәын илырҭоз, иахьа аамҭа аҽеиҭанакит, ҳамҭас иҟауҵалакгьы ҟалоит.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Иахьа иаҳцәыӡуа ҳазлагаз аҭаацәаара аԥҵара атрадициақәа

Светлана Алшәындба жәа шықәса инарзынаԥшуа, аҭацеи асабии рныҳәара мҩаԥылгон Бзыԥҭа аҳаблан, аха лгәабзиара иахҟьаны, ҩышықәса раахыс ақьабз лҽалалырхәӡом.

Аныҳәаҩ излаҳалҳәаз ала, ажәытәан иҟалалон, згәы разымыз аныҳәаҩцәа аныҟазгьы. Уи аҭаацәа иаразнак ирныԥшуан, нас инаҵаа-ааҵааны даҽа ныҳәаҩык дырԥшаауан.

Абас аԥсуаа иахьа уажәраанӡа, абиԥарала иаарго аҵас бзиақәа ҳаԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп.

Светлана Пиотр-иԥҳа агәра ганы дыҟоуп, ари ақьабз мыӡкәа, ԥхьаҟа иныҟәызгаша шыҟало.

"Аԥсуаа рҭаацәаратә маншәалареи реизҳареи рҿы ароль дуӡӡа назыгӡо аныҳәара арӡра ҟалом, аӡәы имҵаргьы даҽаӡәы иҵароуп", — лҳәоит лара.

Светлана Алшәындба ҳаиҿцәажәара ахырқәшамҭаз дныҳәа-ныԥхьан аԥсуа ҭаацәарақәа зегьы ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, агәыцқьара, анасыԥ лаша, апатуеиқәҵара. Агәаҳәарагьы лымоуп, Аԥсны ахшара рацәа ииуа, рыԥсадгьыл ныҟәыргаратәы алшара рымазарц.

Ҳаргьы, гәыкала аныҳәаҩ агәабзиареи ашықәс рацәеи лзеиӷьаҳшьоит. Дрыгымзааит лҭаацәа, акыр шықәса лныҳәаԥхьаӡ иарҿиалааит, иазнарҳалааит аԥсуа ҭаацәарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0