Агәабзиарахьчара аминистрра: азакәан ҿыц ахшароура иамыцхрааит

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАзакәан ҿыц ахшароура иамыцхрааит
Азакәан ҿыц ахшароура иамыцхрааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов имҩаԥигеит апресс-конференциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов имҩаԥигеит апресс-конференциа. Апресс-конференциаҟны аминистр иҳәеит Апарламент аҟны ирыдыркылаз, аԥҳәыс лҽырбгара азин ҟазымҵо Азакәан ареспубликаҿ ахшароура аизҳара ишацымхырааз.

Аминистр иажәақәа рыла Аԥсны шықәсык аҩныҵҟала бжьаратәла ҩ-нызқьи бжаки ахәыҷқәа ииуеит. 2016 шықәса рызгьы ари ахыԥхьаӡара еиҳамхеит.

Андзор Гоов иажәақәа рыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿ ирыӡбеит абри азҵаара иазыхынҳәырц.

"Ҳара Апарламент ахьи атәыла Ахада иахьи аҳәара ҟаҳҵеит амедицина аганахьала ԥсыхәа змам аҽалагаларақәа рзин ҟаҵазарц. Ари ажәалагала уажәы иахәаԥшуеит", — иҳәеит Гоов.

Ажурналистцәа аминистр азҵаара ирҭеит аҳәсақәа аҳәаанырцә ицаны рыҽдырбгоит ҳәа аинформациа имоу имаму азы. Уи аҭакс иара иҳәеит усеиԥш аинформациа шимам.

Ажәабжьқәа зегьы
0