Чрыгба: ацҳаражәҳәаҩ ишьра зеиԥш ҟамло акоуп

© предоставлено Вячеславом ЧирикбаУаанӡатәи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Андреи Карлов ишьра ахҳәаа аиҭеит
Уаанӡатәи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Андреи Карлов ишьра ахҳәаа аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов ишьра ахҳәаа аиҭеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Уаанӡатәи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов ишьра ахҳәаа аиҭеит. Ацҳаражәҳәаҩ ишьра адунеитә практикаҟны зеиԥш ҟамло хҭысуп, иҳәеит Виачеслав Чрыгба.

"Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ишьра зеиԥш шамахамзар иуԥымло хҭысуп. Абарҭ аамҭақәа рзы угәалашәараҿы иааиуеит 1829 шықәса рзы Персиа иҟаз Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Александр Грибоедов ишьра, XX ашәышықәса алагамҭаз асовет дипломат Вацлав Воровски ишьра, Асовет Урыстәылаҟны Германиа Ацҳаражәҳәаҩыс иҟаз аграф фон Мирбах ишьра", — иҳәоит Чрыгба.

Чрыгба иажәақәа рыла иахьазы иҟоу аполитикатәи агеополитикатәи ҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭо иуҳәар алшоит, Ацҳаражәҳәаҩ ишьра ахырхарҭа рацәа аманы ишыҟоу.

"Атерракт азырхоуп аиҳарак аҩ-тәылак рхадацәа Путини Ердогани иахьатәи реизааигәахара, ИГИЛ иаҿагылан рецықәгылара", — иҳәеит иара.

Чрыгба иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ ишьра аҭырқәа-аурыс еизыҟазаашьақәа рышьроуп иаанаго ҳәа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атеррористтә акт иақәыӡбоит

Виачеслав Чрыгба "Урыстәылатәи адипломатиа ацәыӡ ду" ҳәа изиҳәеит Андреи Карлов.

"Андреи Геннади-иԥеи сареи ҳаиԥыларақәа иреиӷьу сгәалашәарақәа иреиуоуп. Иареи сареи аиԥылара ҳаман Анкара ақалақь саҭааны саныҟаз, Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны, 2013 шықәса рзы. Андреи Геннади-иԥа даара аҟәышра злаз, аинтиллигентра змаз, аполитика аус аҟны апрофессионализм ду аазырԥшуаз уаҩын. Усҟантәи ҳаиԥылараан инарҭбааны ҳалацәажәеит аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҭагылазаашьа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рызҵаара, Ҳхаҭарнакреи Ацҳаражәҳәарҭеи реинырра. Андреи Геннади-иԥа ҳаҭыр дула дрылацәажәон аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Иахьагьы ҳаҭырла иҵәахны исымоуп Андреи Геннади-иԥа усҟан исиҭаз аҳамҭақәа", ҳәа игәалаиршәоит Виачеслав Чрыгба.

Аԥсуа дипломат иазгәеиҭоит Андреи Карлов Аԥсны даҩыза гәакьаны дшыҟаз. Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьамтәылатәи ҳашьцәа Аԥсныҟа раагаразы зеиԥш ҟамлацыз агуманитартә акциа анымҩаԥыргоз аамҭаз Андреи Карлов, усҟан Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректорс иҟазаараан, илшоз зегь ҟаиҵеит ианаамҭаз ҳџьынџьуаа авизақәа рыҭаразы.

Виачеслав Чрыгба Андреи Карлов иҭацәа, иуацәа-иҭынхацәа дрыдашшылеит, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аминистр Сергеи Лаврови адашшыларақәа рзишьҭит.

Ажәабжьқәа зегьы
0