Агәырҩа еиднакылаз анацәа рхеилак шаԥҵахаз

© Sputnik / Томас Тхайцук"Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" захьӡу ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа
Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы захьӡу ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз еиҿыркааит "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" захьӡыз ауаажәларратә еиҿкаара. Иҭахаз ранацәа абри аиҿкаара шаԥырҵоз атәы даҳзалацәажәеит иара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аиҿкаара ашьаҭаркратә еизара мҩаԥысит 1994 шықәса абҵарамзазы, аха иара ахы акхьан аибашьра анцоз, марттәи ажәылара ашьҭахь инаркны.

"1993 шықәса Марттәи ажәылара ашьҭахь иҭахаз ҳаҷкәынцәа рыԥсыбаҩқәа ҳарымҭо иалагеит. Уи ала ақырҭцәа ирҭахын ҳажәлар рыбжьа аиҿагылара ҟарҵарц. Аҭаацәа рҭагылазаашьа зеиԥшраз ижәдыруоуп – ауаҩытәыҩсатә закәанқәа зегьы инарықәыршәаны аԥсыбаҩ изтәу ирыздырхынҳәуеит. Еиҳаракгьы аԥсуаа рҟны уи акульт ҟазшьа амоуп. Гәдоуҭа, Акультура ахан аҟны имҩаԥысыз аизараҟны дықәгылеит зыҷкәын дҭахаз ан — Шьушьана Хьециаԥҳа. Уи ԥсраҽнынӡа Аԥсны аҭоурых иазынхо аҳәсақәа дреиуоуп", — лҳәоит Гәыли Кьычԥҳа.

Аиҿкаара аԥҵара амшныҳәа азыԥхьагәаҭан абҵарамзазы аха иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа инамаданы аамҭа иахаагеит, лҳәеит Гәыли Кьычԥҳа.

Аибашьра реиҳа иуадаҩыз аамҭазы аҭагылазаашьа аԥсахра алнаршеит Шьушьана Хьециаԥҳа лықәгылара. Лара лажәақәа ирылшеит ауаа ргәаҟынӡа анеира, Аԥсны хымԥада аиааира шаго азы агәрагара рыҭара.

"Лара илҳәеит "ҳхәыҷқәа ҭахоит, аха урҭ рыԥсадгьыл азы иҭахоит. Дара уажәы иахьышьҭогьы ҳара ҳадгьыл ауп. Ҳара иаҳуалу уи ахы иақәиҭтәны ҳаҷкәынцәа ишаԥу еиԥш анышә рамадароуп, ҳәа. Сара сгәаанагарала арҭ ажәақәа уаанӡа икәаны-зануа аӡәыр дыҟазаргьы афырхаҵара ргәаҵаҿ иаадырԥшит. Зегь еивагыланы иқәгылеит. Ҳаӷәӷәара еиҳагьы иарӷәӷәеит", — лҳәеит лара.

Абри амш ашьҭахь еиҳагьы еилкаахеит ан илылшо шшьардоу, ҳәа азгәалҭоит Гәыли Кьычԥҳа.

"Абри ашьҭахь ақырҭуа анацәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵеит рыҷкәынцәа ааныркыларц, ҳара аӡәгьы ҳашиқәымлаз, ҳаԥсадгьыл шаҳахьчо атәы ҳҳәеит, аха ҳажәақәа урҭ рҟынӡа имнаӡеит, иддырҳарц рҭахымхеит. Агәра згоит убасҟан Аԥсны зҭагылаз аинформациатә блокада аԥжәара зылшаз аԥсуа ҳәсақәа роуп ҳәа", — лҳәоит аиҿкаара ахантәаҩы.

Аибашьраан Владислав Арӡынба Москваҟа ишьҭит Аԥснытәи аҳәсақәа ргәыԥҩык. Иҭахын уанӡагьы аԥсуа ан лажәа наӡарц.

"Аха, Москва усҟан "Ельцин" и-Москва акәны иҟан. Ашәқәа ҳзаркын, иахьаҳҭахыз ҳазнеиуамызт, ҳрыдыркыломызт. Ҳара амитинг мҩаԥаагеит Аҩны шкәакәа аҿаԥхьа. Аплакатқәа кны ҳгылан. Москваҟа иара убасгьы иаагеит лаҭатәи арыцҳара иазкыз авидеоролик", — еиҭалҳәоит Гәыли.

Абарҭқәа рышьҭахь ауп аурыс уааԥсыра Аԥсны имҩаԥысуаз еиҳа еилыркаауа ианалага. Еилыркаауа иалагеит реиҳабыра ирарҳәози Аԥсны имҩаԥысуази геи-шьхеи шрыбжьаз.

"Аҭынчра афонд" аҟны идҳарбеит иаагаз аролик. Ирбаз арыцҳара зегь ргәаҵанӡа инеиит. Ҳаиҿкаарагьы абри аамҭа инаркноуп ишьақәгылеит ҳәа ианаҳаԥхьаӡо", — лҳәоит Гәыли.

Зҽеидызкылаз Аԥсны афырхацәа ранацәа иҭахаз рҭаацәарақәа реидкылара иалагеит. Гәыли лакәзар, лԥа дылцәыӡит. Аҽаӡәы еиԥшымкәагьы илдыруеит хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иамоу аҵакы зеиԥшроу, уи аиҿкаара, амҩаԥгара заҟа аԥсихологиатә уадаҩра ацу.

Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь ацхырааралеи Аԥсни Қырҭтәылеи реиқәшаҳаҭреи рылеи аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы агуманитартә акциа мҩаԥысуеит. Уи зыхшара дахьыӡоу ззымдыруа ан лзы иаҵанакуа рацәаӡоуп ҳәа илшьоит Гәыли Кьычԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0