Анаплакыҩцәа рзы акурсқәа еиҿкаахоит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ахәаша ԥхынҷкәын 23 рзы Sputnik апресс-центр аҟны апресс-конференциа мҩаԥигеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ахәаша ԥхынҷкәын 23 рзы Sputnik апресс-центр аҟны апресс-конференциа мҩаԥигеит. 2017 шықәса рзы ареспубликаҟны иҟалараны иҟоуп хәыда-ԥсадатәи акурсқәа анаплакыҩцәа рзы.

Арӡынба иажәақәа рыла акурсқәа ридеиа аԥшьызгаз Аекономика аминистрреи Аԥснытәи аҳәынҭуниверситети азыхиоуп 60-ҩык рҟынӡа разыҟаҵара. Акурсқәа рышьҭахь асертификатқәа рыҭахоит.

"Аекономика аминистрраҟны агәыҳалалра мҩаԥаагом, ҳара иаҳҭаху хра аманы аусуроуп. Арҭ акурсқәа ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аинвестициақәа азҭо ракәны иҟоуп", — иҳәеит Арӡынба.

Аминистр иажәақәа рыла аҵаразы аконкурс рылаҳәахоит. Алаҳәара аминистрра асаит аҟны зегьы ирбо ицәыргахоит. Акурсқәа рахь анаплакыҩцәа алырхуеит акомиссиа ҷыда алахәылацәа. Аԥыжәара рыҭахоит зхатә бизнес змоу, аха абри аганахь ала здыррақәа азымхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0