Аԥсны Ахада ҳазҭоу ашықәс аихшьаалақәак ҟаиҵеит

© Sputnik Илона ХварцкияАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәса аихшьаалақәа ирызкны апресс-конференциа мҩаԥигеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҟаз аполитикатә еибарххараан Аԥсны ажәлар аҽазныкгьы иаадырԥшит ртәылеи ԥхьаҟатәи рԥеиԥши рганахьала аҭакԥхықәра ду ирымоу иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.

"Ҳара иҳалшеит аҽазныкгьы ахԥышәара, ахаиааира, зхысра ҟамлоз ацәаҳәа аҿаԥхьа аҽаанкылара. Сара сгәаанагарала ари иреиҳау рбагоуп" — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ииасуа ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо атәыла Ахада иазгәеиҭеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны ақәҿиарақәа.

"Арахь иаҵанакуеит аказначеитә системахь аиасра. Аказначеитә система иалнаршоит афинансқәа хылаԥшра рыҭара. Ҳәарада ари аганахь ала макьанагьы иҟаҵатәу рацәоуп, аха раԥхьатәи ашьаҿақәагьы удыргәырӷьартә иҟоуп", — иҳәеит иара.

2016 шықәсазтәи абиуџьет 5 миллиардк рҟынӡа инаӡеит.

"Хә-миллиардк, ари, ҳара ҳхатә ԥароуп. Арахь иалаӡам Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара", — иҳәеит Ахада.

Иара иажәақәа рыла адгылара бзиа рыҭоуп анаплакыҩцәа.

"Абанктә усхк аҟнгьы аҭагылазаашьа цәгьамкәан иҟоуп. Абри аганаҿ имҩаԥааго аусқәа зегьы ззырхо ҳауаажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәроуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атуризм аусхк аҿгьы хра змоу атенденциақәа шыҟоу.

"2016 шықәсазтәи акурорттә сезон бзиан имҩаԥысит. Аԥсны иаҭааит миллионки бжаки рҟынӡа атуристцәа. Аремонт рызуп Пицундатәи акомплекс ахыбрақәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ақыҭанхамҩа аминистрра аусура далацәажәо Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥсни Ҭаҭарсҭани рыбжьара аусеицура шышьақәыргылоу.

"Хаҭала уалацәаәозар, Гәылрыԥшь араион аҟны арԥхарратә комбинат аргылара", — иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ареспублика афымцамчтә система аҭагылазаашьа уадаҩны ишыҟоу.

"Афымцамч ахархәара еизҳауеит арахь зыԥсахра ахәҭоу афымцатә ҳақәа рацәоуп. Урҭ асеиԥш аидара ашьҭыхра рцәыуадаҩуп", инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иара убасгьы дазааҭгылеит 2016 шықәса рзы ацәгьоурақәа раарԥшра еиҳа ишеиҳахаз.

"Сынтәа ареспубликаҟны аҭыԥ змаз 19 уаҩшьра рҟынтәи 14 аарԥшын", ҳәа реиҳәеит ажурналистцәа.

Даара иҵарны иқәгылоуп амҩатә машәырқәа рпроблема. Иара убасгьы инарҭбааны далацәажәеит агәабзиарахьчара аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьагьы.

"Зҟазара ҳараку аҳақьымцәа ҳазхом. Ҳара есышықәса ауаа аҵара иҳашьҭуеит, аха уаанӡа азанаҭуаа шаҳзымхоз еиԥш уажәгьы иҳазхом", — иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла ҳтәылауаа аҳәаанырцә рыхәышәтәразы имаҷымкәа аԥаразоужьра мҩаԥгоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0