Ҳаџьымба: Аинформациа-координациатә центр аԥҵара хра зманы иҟоу усуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАинформациа-координациатә центр аԥҵара ареспубликазы хра зманы иҟоу усуп
Аинформациа-координациатә центр аԥҵара ареспубликазы хра зманы иҟоу усуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәсазтәи аусурақәа реихшьаалақәа ирызку апресс-конференциа мҩаԥигеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәсазтәи аусурақәа реихшьаалақәа ирызку апресс-конференциа мҩаԥигеит. Апресс-конференциаҟны атәыла Ахада далацәажәеит Аинформациа-координациатә центр аԥҵара ареспубликазы хра зманы иҟоу усуп ҳәа.

"Аинформациа-координациатә центр аԥҵара ареспубликазы хра зманы иҟоу усуп. Аԥсҭазаара иунарбоит апрофессионалцәа ҳҭахны ҳшыҟоу. Иахьатәи аҭагылазаашьа риашатәуп. Ацентр аԥҵара апроблемақәа жәпакы аӡбоит", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу Аиқәшаҳаҭра аҩыза Урыстәылеи Кыргызсҭанигьы ишрыбжьарҵахьоу.

"Иахәҭаны иҟаз ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ашьҭахь асеиԥш иҟоу аструктура аҟазаара аҭахымкәа иҟалеит. Иахьазы Кыргызсҭан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатәы зҵаарақәа ахала иаӡбартә еиԥш аҭагылазаашьа амоуп. Ҳаргьы усеиԥш иҟоу амҩа ҳзанымсрызеи? Зегьы ҳазрыцәшәозеи?", азҵаара иҭиуеит атәыла Ахада.

Ҳаџьымба агәрагара имоуп Урыстәыла иамоу аԥышәа амдара Аԥсназы хра аманы ишыҟало.

"Ирацәаҩуп изҳәо ашьҭазааратә усқәа ирылагоит ҳәа. Аус ишабалак иҟамларц анапы рыҵаҩуп аиқәшаҳаҭра ҷыдақәа жәпакы. 2017 шықәса рзы АИЦ азҵаара ӡбахоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

2014 шықәса абҵарамзазы анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра ду иазыԥхьагәанаҭоит аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа Ринформациа-координациатә центр аԥҵара. Ацентр иаус хаданы иԥхьаӡоуп аоперативтә информациа аимдара, ацәгьоуратә гәыԥқәа рзы адыррақәа рибаҭара, аҳәынҭқаррабжьаратә ԥшаарақәа рҟны ацхыраара аура, ашьаус иацәыбналаз ахаҿқәа наҟ-ааҟ рибаҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0