Басариа: Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ажьырныҳәа 2 рҟынӡа урыстәылатәи афымцалашара роулоит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ажьырныҳәа 2 рҟынӡа урыстәылатәи афымцалашара роулоит
Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ажьырныҳәа 2 рҟынӡа урыстәылатәи афымцалашара роулоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа АРСМИРА апресс-конференциа мҩаԥигеит 2016 шықәсазтәи русура аихшьаалақәа ирызкны

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа АРСМИРА апресс-конференциа мҩаԥигеит 2016 шықәсазтәи русура аихшьаалақәа ирызкны. Апресс-конференциаҟны Аслан Басариа иҳәеит ажьырныҳәа 2 рҟынӡа Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа урыстәылантәи афымцалашара роулоит ҳәа. Иара иазгәеиҭеит еиқәышаҳаҭрала ԥхынҷкәын 27 инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи аган урыстәылатәи афымцамч шаиуа ЕгрыГЕС ахьанҭара ақәхзарц, атәыла ауааԥсыра аҭагылазаашьа маншәалақәа рзаԥҵаразы.

Аенергетика аусхк аҟны аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит. Уи еиҳарак изыдҳәало афонд хадақәа рхареи, ауалмшәара апроблемақәеи, афымцамч ахархәара аизҳареи роуп ҳәа азгәеиҭеит адиректор хада.

"Зегьы ишыжәдыруеиԥш аенергетика аусхк акыр ишьҭаханы иҟоуп. Аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Афымцамч ахархәара еиҳа-еиҳа еизҳауеит", — иҳәеит Басариа.

Афымцамч аекономиа азаҳмулар аусқәа ԥхьаҟагьы иуадаҩымхозар еиӷьхом ҳәа далацәажәоит Басариа.

"Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит Аԥсны 80 % иаиуа афымцамч звольт ҳараку ҳак ала иҳауеит ҳәа. Уи аҳа мҩаԥгоуп Гал араион аҟны иҟоу ГЕС 1 инаркны Урыстәылатәи аҳәаа аҟынӡа. Еилкаауп изҵоу ахьанҭара. Иара ариаҟара хьанҭара ашьҭыхра аханатәгьы иазырхамызт", — иҳәеит Басариа.

Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа икылнагоит аҳақәа рԥыҵәҵәарақәа рахь.

"Аха даҽа ҳак ҳаманы иҟам. Иҿыцу афымца-ҳа ииагоит ҳәа ҳалагар, уи ԥарала 3,5 – 4 миллиард рҟны итәоит", — иҳәеит адиректор хада.

"Ҳтәылауаа рахь аекономиа ҟашәҵа ҳәа аҳәара аныҟаҳҵо иаанаго ԥхаррада шәыҟаз акәӡам, иаанаго хыла ахархәара ашәҭ ҳәоуп", — иҳәеит иара.

Басариа иара убасгьы иҳәеит ЕгрыГЕС аҟны аремонттә усурақәа ирылагараны ишыҟоу.

Аусурақәа азыԥхьагәаҭоуп жәабран 15 инаркны ԥхынҷкәын 15 рҟынӡа. Басариа иажәақәа рыла абри аамҭазы Урыстәылантәи афымцамч ҳарҭараны аилацәажәарақәа мҩаԥаагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0