"Софичка" апремиера Нальчик имҩаԥысит

© Sputnik / Илона Хварцкия"Софичка" апремиера Нальчик имҩаԥысит
Софичка апремиера Нальчик имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны имҩаԥысуан Фазиль Искандер иповест иалхыз зметраж наӡоу афильм аҭыхра. Акиносахьа арежиссиорс дамоуп Александр Сокуров иҟазарҭа аушьҭымҭа Кира Коваленко.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны имҩаԥысуан Фазиль Искандер иповест иалхыз зметраж наӡоу афильм аҭыхра. Акиносахьа арежиссиорс дамоуп Александр Сокуров иҟазарҭа аушьҭымҭа Кира Коваленко. Ԥхынҷкәын 23 рзы афильм "Софичка" апремиератә рбара мҩаԥысит Нальчик ақалақь, акинотеатр "Восток" аҟны.

"Афильм ҳаззыԥшыз акоуп. Фазиль Искандер ирҿиамҭа аекран ахь ацәыргара аҵак ду амоуп. Хаҭала сара сзы иара зҵазкуа аамҭазы аԥсуа рынхашьа-рынҵышьа абара, адырра аинтерес аҵоуп", — лҳәеит агазеҭ "Горянка" аредактор хада Зарина Канукова.

Канукова акырӡа дыхнахит актиортә еилазаара рыхәмарра.

"Актиорцәа рыгәҭа иҟан сҩызцәагьы. Актиор уара дшуҩызоу ухеиршҭыртә дыхәмаруазар, уи ҟазара дууп ҳәа исшьоит. Абри адагьы арежиссиоргьы Нальчик дахьатәу ахәшьара дууп", — лҳәеит лара.

Аусумҭа рықәҿиеит ҳәа иршьоит, афильм аповест иныҭкааны иаанарԥшуеит ҳәа азгәалҭеит Канукова.

Ажурналист Марина Битоковагьы даҳзалацәажәеит афильм.

Афильм арежиссиор Кира Коваленко - Sputnik Аҧсны
Афильм "Софичка" апремиера Таллинтәи афестиваль аҟны имҩаԥысит

"Афильм аиҳарак арежиссиор ашәҟәы аганахьала илымоу лхатә гәаанагароуп иаанарԥшуа. Аҷыда ҟазшьа амоуп лара абри арҿиамҭа дахьазхьаԥшыз. Арҿиамҭа ахаҭа Фазиль Искандер аҵыхәтәантәи иҳәахьа аҟазшьоуп иамоу. Амала, ашәҟәи афильми еиҿсырԥшуазар, ашәҟәахьы еиҳа сгәы сыхоит", — лҳәеит Битокова.

Афотоҭыхыҩ Елина Караева илҳәеит афильм даара ишылгәаԥхаз.

"Арҿиамҭа саԥхьахьан. Издыруан. Аха акырӡа саднахалеит иҭыху афильм астиль. Исҳәар сылшоит афильм аҩаӡара ҳаракы амоуп ҳәа", — лҳәоит лара.

Икоммерциатәым афонд "Аинтонациа аҿырԥши" акиностудиа "Ленфильми" иазыԥхьагәарҭеит Фазиль Искандер иповест иалхны афильм "Софичка" Аԥсны аҭыхра.

Арежиссиор қәыԥш Кира Коваленко лсахьаркыратә фильм "Софичка" аҭыхрақәа хыркәшахеит цәыббрамзазы. Урҭ мызкы инацны имҩаԥысуан. Иара иадыԥхьалан аԥсуа артистцәагьы. "Софичка" аоператор-қәыргылаҩс дыҟан Аират Иамилов, асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩс – Георги Колотыгин. Еицырдыруа арежиссиор Александр Сакуров асахьаркыратә напхгара мҩаԥигон.

Ажәабжьқәа зегьы
0