Ашықәс ҿыц ауха ареспубликатә хшараурҭаҿ иит ҩыџьа аҭыԥҳацәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАреспубликатә хшараурҭа
Ареспубликатә хшараурҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараурҭа аҟәшаҿы зқьи хәышәҩык рҟынӡа асабицәа иит 2016 рзы, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа акушер-гинеколог Оксана Ҷытанааԥҳа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 2 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ашықәс ҿыц ауха ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараурҭа аҟәшаҿы иит ҩыџьа ахәыҷқәа, ҳәа еиҭалҳәоит ахәышәтәырҭа акушер-гинеколог Оксана Чытанааԥҳа.

"Ашықәс ҿыц ауха ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараурҭа аҟәшаҿы иит ҩыџьа ахәыҷқәа, аӡӷабцәа. Асааҭ ҩба рыбжазы диит аԥсуа ҭаацәара рхәыҷы, аҩбатәи, аерман хәыҷы диит асааҭ жәба рыбжазы. Ахәыҷқәа рҩыџьагьы ргәы бзиоуп, рыкапан наӡоуп", — лҳәеит Ҷыҭанаԥҳа.

Акушер-гинеколог иара убасгьы илҳәеит 2016 шықәса аиасымҭаз сааҭқәак шагыз ахәышәтәырҭаҟны ишиз ԥышьҩык аӡӷабцәеи ҩыџьа аҷкәынцәеи. Иааидкыланы ииасыз ашықәс азы ареспублика атәылауаа ирыцлеит хәыҷы.

Ажәабжьқәа зегьы
0