Атәылахьчара аминистрра: Ҵабал арратә полигон аҟаҵара азыԥхьагәаҭаӡам

© Sputnik / Роберт ДжопуаҴабал арратә полигон аҟаҵара азыԥхьагәаҭаӡам
Ҵабал арратә полигон аҟаҵара азыԥхьагәаҭаӡам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, Қырҭтәыла анапхгаҩы жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Ҭенгьиз Ԥхалаӡе адырра ҟаиҵахьан Аԥсны, Ҵабал иахьаҵанакуа Урыстәылатәи арратә полигон аргылара азыԥхьагәаҭоуп ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҵабал арратә полигон аҟаҵара азыԥхьагәаҭаӡам ҳәа Sputnik ахь аацҳамҭа аанашьҭит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

"Ҳара иҳамоуп аполигонқәа ҩба. Урҭ Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҟны иҟоуп. Аполигон ҿыцқәа рыргыларазы цәажәара ыҟаӡам", ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Уаанӡа, Қырҭтәыла анапхгаҩы жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Ҭенгьиз Ԥхалаӡе Аԥсны, Ҵабал иахьаҵанакуа Урыстәылатәи арратә полигон аргылара азыԥхьагәаҭоуп ҳәа иҟаиҵаз адыррагьы ажьырныҳәа 10 рзы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ииашам ҳәа иаҿаԥнаҽхьан.

Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура адыррақәа рыла иарбанызаалак усура абри аҭыԥ аҟны ицом.

Ажәабжьқәа зегьы
0