Аруаа акомпиутортә тренажиорқәа рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Георгий Зимарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Аладатәи афедералтә арратә округ аруаҩ
Урыстәыла Аладатәи афедералтә арратә округ аруаҩ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи афедералтә арратә округ аруаа акомпиутортә тренажиорқәа рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи афедералтә арратә округ хәнызқьҩык рҟынӡа аруаа акомпиутортә тренажиорқәа рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Арратә базаҟны ахархәара рыҭоуп 10 рҟынӡа тренажиор хкы. Арахь иаҵанакуеит: атанк Т-90А аекипаж рҵараз акомплексқәа, азениттә ракетатә комплексқәа "Игла" рыла ахысыҩцәа рҵарази, автоматқәа АК-74 аҟынтәи ахысрази, агранатаршәгақәа РПГ-7 аҟынтәи ахысрази арҵагатә комплексқәа уҳәа иҵегьы арҵагатә комплексқәа.

Аоператорцәа рзы аманиторқәа рҟны иубарҭан аракета аԥырра атраекториа, адгьылтәи аҳауатәи хықәкқәа реиҭаҵра уҳәа егьырҭ аоператор иԥырхагахо аҷыдарақәеи.

Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура иаанашьҭыз аинформациала иара убасгьы иазгәаҭоуп атанкистцәа рзы акомпиутортә комплексқәа ишрымо алшара аибашьра хаҭаҵәҟьа асахьа аарԥшра, аамҭакала 15 рҟынӡа атанкқәеи, аршьаҟауаа рмашьынақәеи, зхала иныҟәо артилериатә шьақәгылақәеиарбаны.

Ҳаамҭазтәи акомпиутортә тренажиорқәа рхархәарала аруаа ирымоуп алшара рдырра аизырҳаразы. Уи азын иаҭахны иҟам аџьаԥҳаны, амоторесурсқәа, ахьшьтәқәа рныхра ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Атренажиорқәа рылшара иалнаршоит аинструкторцәа аҵара здырҵо рыгхақәеи рхымҩаԥгашьеи рҭышәныртәалара, аҭагылазаашьа ашьақәыртәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0