Басариа: ЕгрыГЕС алшарақәа маҷхеит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕгрыГЕС аӡеизакырҭаҟны аӡы алаҟәра иалшоит
ЕгрыГЕС аӡеизакырҭаҟны аӡы алаҟәра иалшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕгрыГЕС аӡеизакырҭаҟны аӡы алаҟәра иалшоит Аԥсны афымцамч аиура ааннакылар, иҳәеит афымцастанциа аиҳабы Леван Мебониа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара акыр ишьҭыҵит, ЕгрыГЕС иоунажьуа афымцлашарагьы азхаратәы иҟам иҳәеит аҳәынҭеилакы "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аинтервиу аҭо аԥшьаша, ажьырныҳәа 12 рзы.

Атәыла аенергетик хада иазгәеиҭеит ҵыԥхтәи ашықәс азы аӡы алаҟәра аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәалазар, сынтәа афымцамч ахархәара ашьҭыҵрагьы уахь иацлеит ҳәа.

"Аӡеизакырҭаҟны аӡы азымхара азҵаара ықәгылоуп, афымцастанциа акәзар иаанкылатәуп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы. Аха Аԥсны афымцамч ахьаиуа ЕгрыГЕС заҵәык аҟынтәоуп. Иныҭкааны иҟоу шыҟоу атәы аҳәара ҳалшоит ақырҭуеи аурыси енергетикцәа ҳанырԥылалак ашьҭахь", — иҳәеит иара.

Иахьазы аӡы аҩаӡара иартәоит 438 метра, иара иахәҭоуп 510 метра иҟазарц. Аӡы 420 метра рҟынӡа илаҟәыр, афымцастанциа аанкылатәхоит иҳәеит Басариа.

"Азҵаара аӡбра ҳзамҭар, ҳастратегиатә партниор иахь аҳәара ҟаҳҵар акәхоит ацхырааразы. Ҳәарада уи азы аԥарашәара аҭаххашт аха аҳәынҭқарра алшарақәа аԥшаар акәхоит", ҳәа азгәеиҭеит Аслан Басариа.

Афымцастанциа аиҳабы Леван Мебониа ажьырныҳәа 12 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Џьвартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы алаҟәра Аԥсныҟа афымца аушьҭра ааннакылар алшоит ҳәа.

ЕгрыГЕС аусура хацнаркит 1978 шықәса рзы. Иара алшарамч 1300 мегаватт иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0