Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи аконцертқәа мҩаԥыргоит

© Фото : Алан ВоубаЛука Гаделиеи и Кристина Ешбеи
Лука Гаделиеи и Кристина Ешбеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи ажьырныҳәа 18-25 рзы Челябински Перми ақалақьқәа рҟны имҩаԥырго аконцерттә программа шьақәгылоуп ауарӷантә, авокалтә, аклассикатә иара убас аԥсуа милаҭтә мелодиақәа рыла.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи аконцертқәа мҩаԥыргоит ажьырныҳәа 18-25 рзы Челябински Перми ақалақьқәа рҟны. Аконцертқәа рпрограмма шьақәгылоуп ауарӷантәи авокалтәи классикеи аԥсуа милаҭтә мелодиақәеи рыла.

Актәи аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп ажьырныҳәа 18 рзы, Челиабинсктәи афилармониаҟны. Егьырҭ аконцертқәа мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 21-22 рзы ақалақь Киров, Александртәи акостел аҟны. Ахыркәшаратә концерт мҩаԥысуеит Пермтәи атәылаҿацәтә филармониаҟны.

"Ҳара есышықәса арҭ азалқәа рҟны ҳақәгылоит. Араҟа аконцертқәа даара реиҿкаара бзианы имҩаԥыргоит" — иҳәеит Лука Гаделиа.

Аконцертқәа рпрограмма шьақәгылоуп ауарӷантәи авокалтәи классикеи аԥсуа милаҭтә мелодиақәеи рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0