Леила Ӡыба аҳҭнықалақь Ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп

© Фото : http://apsnypress.info/Леила Ӡыба
Леила Ӡыба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леила Ӡыба аҳҭнықалақь Ахада ихаҭыԥуаҩыс лыҟаҵаразы ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа адҵа инапы аҵеиҩит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18  – Sputnik. Леила Ӡыба аҳҭнықалақь Ахада ихаҭыԥуаҩыс лыҟаҵаразы ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа адҵа инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь Ахадара. Аҟәа Ахада Адгәыр Ҳаразиа иахьа Леила Ӡыба дыдирдырит  напхгара зылҭараны дыҟоу аҟәшақәа русзуҩцәа.

"Леила Едуард-иԥҳа аҳәынҭқарратә структурақәа рҟны аусуратә ԥышәа ду лымоуп. Аус луан Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩыс, атәыла Ахада Иусбарҭаҟны. Агәра згоит ҳусеицура алҵшәа ҟанаҵап ҳәа" — иҳәеит Ҳаразиа.

Леила Ӡыба длыԥсахит Ҭемур Тҟьебучаа. Иара Аҳәынҭеилахәыра "Апсныргылара" адиректор хадас дҟаҵоуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0