Анцәа иӡаахра амш аҽны Аԥшьа Василиск иӡыхь аҟны аӡҽҭшьрақәа мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник Крещения в селе Каман. Фото с места события.
Праздник Крещения в селе Каман. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 19 ауха Аԥсны анцәа дхазҵо ауаа рхы аладырхәит аӡы аԥшьара иазкыз Анцәа иашьапкра

АҞӘА, ажьырныҳәа 19  – Sputnik, Роберт Џьапуа. Каман ақыҭан, Аԥшьа Василиск иӡыхь аҟны ажьырныҳәа 19 ауха Аԥсны анцәа дхазҵо ауаа рхы аладырхәит аӡы аԥшьара иазкыз Анцәа иашьапкра

Аԥшьа Иоанн Ахьҿы иуахәама амҵаныҳәаҩ, аигумен Игнати (Киут) иазгәеиҭеит  абри ауха Анцәа ихаҭа Адоуҳаԥшьа ахархәарала аӡқәа зегьы иԥшьоит ҳәа.

"Ауаа аӡы азааигәара аҟазаара рҭахуп еснагь. Аӡы уаднахалоит. Иара ҳгәаҟрақәа хнаҽуеит, ҳчымазарақәа ахәышәтәуеит. Иԥшьоу аӡы акәзар, амч акырџьара еиҳауп", — иҳәеит аигумен Игнати (Киут). 

Аигумен иажәақәа рыла  шәҩыла Анцәа дхазҵо ауаа аҽӡаашьра рхы аладырхәит. Иара убри аамҭазы иазгәеиҭеит Аӡыхь ԥшьахь уназго амҩа аҟамзаара абри аус амҩаԥгара аруадаҩуеит ҳәа.

"Арахь ааира зцәыцәгьоу рацәаҩуп, избанзар амҩа ԥхасҭоуп. Аҳәара ҟаҳҵоит ҳаԥшьа ҭыԥқәа рахь ауаа рнеира мариахарц азы амҩа аиҭашьақәыргылара нап аларкырц", — иҳәеит иара.

Игнати иазгәеиҭеит Каман лассы-лассы аџьашьахәрақәа шымҩаԥысуа. Араҟа Анцәа иашьапкуа ауаа игәарҭахьеит рчымазарақәа шкарԥсо.

"Шәҩык рҟынӡа ахшара змауаз аҭаацәарақәа  Анцәа игәаԥхарала  ахшара дроухьеит", — иҳәеит иара.

Аҽӡаахра амшныҳәаз анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә сахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.

Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни ауыхеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит. Урыстәыла, Бырзентәыла уҳәа рҟны абри ауыха имҩаԥыргоит анцәа имҵаматанеины хынтә аҽӡаашьра.

Ажәабжьқәа зегьы
0