Никарагуатәи аныррақәа рыхаара

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Зухба
Мадина Зухба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы ажьырныҳәа мза алагамҭазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуаҟа ицаны иҟоуп. Аделегациа иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа Мадина Зыхәԥҳа, Ҭенгиз Ҭарба, Сариа Џьопуаԥҳа.

Мадина Зыхәԥҳа дсасны данаҳҭаз иаҳзеиҭалҳәеит Никарагуа илзыннажьыз аныррақәа ртәы.

Sputnik. Амра Амҷыԥҳа

Аԥснытәи аделегациа раԥхьаӡа акәны Никарагуа официалтә визитла иҟан 2010 шықәса рзы. Усҟан аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь.

Мадина Зыхәԥҳа лажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы анапы рыҵаҩуп 11 инареиҳаны аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи.

Аделегациа рыҟазаара иацын еиуеиԥшым ацәаныррақәа, агәалашәарақәа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа иҟоуп

"Иарбанызаалак атәыла сара сзы – раԥхьа иргыланы ауаа рылоуп ишалаго. Никарагуа сара сгәалашәараҿы иаанхараны иҟоуп иаарту, аччаԥшь зҿықәыҳәҳәу ауаа рыла. Еицыз зегьы оумашәа иаабон араҟа иҟоу аусураеиҿкаара. Аҳәынҭқарра ашьақәыргылара иацу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа Никарагуа ашьапы иқәгылеит ҳәа уҳәар алшоит. Иубартә иҟоуп ԥхьаҟагьы аԥеиԥш бзиақәа шаиуа", — лҳәеит Зыхәԥҳа.

Аԥснытәи аделегациа алахәыла лажәақәа рыла Никарагуа ижәытәу, даараӡа аинтерес зҵоу аҭоурыхи акультуреи змоу тәылоуп.

"Уаҟа, ҳара ҳҟнеиԥш ҳаҭырла иргәаладыршәоит амилаҭ фырхацәа рыхьӡқәа, иаҳҳәап: Аугусто Сандино –1927—1934 шықәсазтәи амилаҭ-хақәиҭратә еибашьра аԥхьагыла ихьӡ. Ҳделегациазы иазыԥхьагәаҭан акультуратә программа ду, Аҩны-музеиқәа рҭаара", — лҳәоит Зыхәԥҳа.

Аԥсуа дипломат лгәаанагарала,  Никаргуа – аԥеиԥш ду змоу, аинвестициақәа ззынарышьҭша тәылоуп. Иара уажәгьы аинвестициақәа  рыцхыраарала аҵыхәтәантәи ажәашықәса ирҭагӡаны уахәаԥшуазар, АВА (ВВП) 67 процент рыла иазҳаит, иартәоит 2080 доллар.

"Аҵыхәтәантәи ажәашықәса ирнубалоит ашьшьышьшьыҳәа акәзаргьы аекономика аизҳара. Араҟа даара иманшәаланы ирыладырҵәоит асоциалтә программақәа» — лҳәоит лара.

Мадина лажәақәа рыла Никарагуа  америка-ацентртә интеграциа асистема иаҵанакуеит, ирылахәуп  АЛБА, СЕЛАК уҳәа реиԥш иҟоу аиҿкаарақәа.

"Иахьазы Никарагуа имҩаԥнагоит апроект дуӡӡа – Атлантикатәи аокеани Аокеан Ҭынчи еимаздо аканал аргылара. Аканал ԥхьаҟа ахархәара аҳәынҭқарразы, ажәлар рзы алҵшәа дуқәа аанашьҭраны иҟоуп", — ҳәа азылҳәоит абри апроект Зыхәԥҳа.

Мадина Зыхәԥҳа иазгәалҭеит Никарагуагьы Аԥснеиԥш иаграртә тәыланы ишыҟоу. Уаҟа акыр имаҷуп ааглыхра, аекономика еиҳарак иззырхо зхаҭабзиара ҳараку ақыҭанхамҩатә аалыҵ ауп.

"Сгәы иаанагоит зекологиа цқьоу аалыҵ аԥҵара Аԥсны аекономиказгьы аинтерес аиур ауеит ҳәа", — лҳәоит лара.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын - Sputnik Аҧсны
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын

Еиҳа ирылаҵәаны иҟоу брендны ишьоуп:  никарагуатәи аром "Флор да Канья" (Flor de Cana), асигарақәа.

Аԥснытәи адипломат лажәақәа рыла Никарагуа иахьагьы акыр аԥхарра аҵаны иргәалашәоит 2010 шықәса рзы Аԥснытәи аофициалтә делегациа уа рыҟазаара.

Мадина Зыхәԥҳа иазгәалҭеит аԥсуа делегациеи никарагуатәи рколлегацәеи шалацәажәоз Никарагуа еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәеи аиармаркақәеи рымҩаԥгаразы агуманитартә еинырра арҭбаара, аҵареи аҭҵаарадырреи русхк аҟны аусеицура арҭбаара, анаука-практикатә конференциақәа реицымҩаԥгара азҵаарақәа.

2017 шықәса, ажьырныҳәа 8-12 рзы Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуаҟа ицаны иҟан. Аделегациа иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0