Далырхит – дырхашҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукИзбирательная урна
Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа лассы иҟалараны иҟоуп, Аԥсны алхрақәа рымҩаԥысшьа дахцәажәоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Абар ҳныҽԥынгылеит Апарламенттә алхрақәа раамҭа. Аибашьра ааилгазар, адепутатцәа русуразы ажәлар агәынамӡара аадырԥшуеит,аха уи аамҭазы адепутатрахь иқәгыло рхыԥхьаӡара еснагь еиҳахоит. Акандидатцәа рықәыргылара уажәоуп ианалагаз, аха аофициалтә информациа ишҳанаҳәо ала, уажәнатә ашәҟәы иҭагалоуп 100 рҟынӡа ахаԥшьгаратә гәыԥқәа, иара убас, апартиақәагьы рсиақәаа цәырыргахьеит.

Ԥхьаҟа иҟало адырра шыуадаҩугьы, арҭ алхрақәа раамҭазы, ҳкандидатцәа рхыԥхьаӡара Гиннес арекордқәа рышәҟы ианыларгьы алшоит. Аха, иҟоуп иазгәазҭо, акандидатцәа рхыԥхьаӡара рацәахаргьы, алхыҩцәа агәаран иқәгыланы алхарақәа рахь имнеир шалшо.

Зусура ужәшьҭа ахыркәшарахь инеиз иахьатәи Апарламент иааркьаҿны ахҳәаа азууазар, абзиара аганахь иҟанаҵаз ҳазааҭгылозар, зегь раԥхьа иургылартә иҟоуп, дара рхаԥшьгарала ибиуџьеттәым адемографиатә фонд "Азҳара" аиҿкаара, иара убас, адепутатцәа ралхразы азакәан иаларагалаз, анаркотикатә маҭәашьарақәа зхы иазырхәо, ашьауӷатә ус зхызымхыц рзы аԥынгылақәа.

Ус акәзаргьы, иахьатәи Апарламент ҳаназхәыцуа ҳхаҿы иааиуеит ауаҩшьра, иахылҿиааз аҭыӡшәа. Зегь реиҳа иџьашьатәуп ауаҩшьра аиҿкааразы ахара здырҵаз адепутат Нодик Кәыҵниа гәырыӡ-шашәаӡ даныӡ Жәлар реизара адепутатцәа рыбжьы ахьақәдмыргаз.

Апрокурор хада днаган, абас изыҟалазеи ҳәа азҵаатәы ықәдмыргылеит, ари аҩыза ахҭыс хьымӡӷуп Апарламент азы ҳәа рхы иақәрымҵеит. Дара ирыхәҭан. Ирыхәҭан, избан акәзар, Апарламент азакәанԥҵаратә мчы анаҩсан, иамоуп ахылаԥшратә мчгьы.

Иаку Аԥсны ахантәаҩы Сергеи Шамба - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа раан акыр еилашыҩкрахоит

Ишаҳбо ала, уажәтәи адепутатцәа рахьынтә, алхра ҿыцқәа раамҭазы даҽа знык зхы ԥызшәарц зҭаху маҷҩым, урҭ рахь иалоуп зынӡа ҿымҭӡакәа заамҭа зхызгазгьы. Иргәаԥхазар акәхап, уаҳа закәузеи? Адепутат иԥсҭазаара уахәаԥшуазар, аиашазы ибзиоуп, уеилаҳаратәгьы иҟоуп. Апарламент аилатәарахь умнеир лахь уоуам, хаҭалатәи амашьына умазаауеит, тәанчара уанцо 10 нызқь мааҭ рҟынӡа узыԥҵәоуп…

Ҳара ҳалхҩы ҳаизааҭгылозар, агәынамӡара шааирԥшуагьы, шамаха иуԥылом, иалырхыз адепутат аус узымуит ҳәа алхыҩцәа еизаны рыбжьы иқәдырго. Далырхит, дырхашҭит. Рыбжьы рҭиуеит рҳәоит алхрақәа раан. Абжьаҭароуп ииашо ҵакыла. Аха, аҵакы ахьеиҭасыз џьашьатәым, избанзар, зсоциалтә ԥсҭазаара уадаҩу атәылауаа, алхрақәа раан акандидатцәеи дареи анеилахәаахәҭуа ыҟоуп.

Амҩа, аӡы, ма атрансформатор рҭахызар, уи ахә зџьыба иҭызхуа абыжьқәа еизигоит, амала адепутат иганахьала ажәлар рыбзазара азхәыцрагьы аҵыхәтәа убраҟа инҵәоит. Адепутат алхҩы дихашҭуеит, алхыҩцәагьы иуадаҩу рыԥсҭазаареи дареи ааизынхоит. Абарҭқәа ирыхҟьаны, аҵыхәтәантәи аамҭазы имаҷҩым аимперативтә мандат алагалатәуп зҳәо аполитикцәа. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҳаҩсыз ашықәс ахыркәшамҭаз имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы аимперативтә мандат дшадгыло атәы иҳәеит.

Аԥышәаҿы ауп иахьеилкаахо адепутатцәеи алхыҩцәеи рыбжьара уи аус шауа, аха маҷк иадамзаргьы, агәыҩбара узнамырҵысыр ауам, уалаҭахыла еибарку аԥсуа ԥсҭазаараҿы аимперативтә мандат рхы иархәаны, "аус узуам" ҳәа адепутат иамхра азҵаатәы ацәыргара алхыҩцәа иалдыршап ҳәа. Анапи анапи еибаӡәӡәоит….

Акандидатраз асиақәа ицәырҵхьо уаарыхәаԥшыр, иубоит Апарламент ахь анеира аԥсҭазаара бзиа ишазҳәо. Жәлар реизара адепутатра азакәанԥаҵаратә џьабаа зцу, игәаӷьыуацәоу усны акәымкәа, иус марианы иахәаԥшуа шырацәаҩхаз. Анкьа ажәлар рус дахаҵгылоит ҳәа зыӡбахә рҳәоз, ажәлар рҿы ирдыруаз, зхи зҵыхәеи бзиаз иакәын.

1991 шықәсазы "Ахьтәы Парламент" ҳәа ззырҳәо аналырхуаз, амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара идеиас измаз "Жәлар рфорум" аҿы рхы еилаҵаны амилаҭ рҿахәҳәаразы ихәарҭо ҳәа иалхны иқәдыргылон. Ус ҟарҵон СССР адепутацәа аналырхуазгьы. Иреиӷьыз ықәдыргылон, иреиӷьызгьы алырхуан, убри иабзоураны иааишьа змамыз ҳаиааит.

Акандидатцәа рсиа макьаназы ишьақәырӷәӷәам, аҳәара уадаҩуп иарбан лакәу ралхратә компаниаҿы, џьахаџьафарыла инхо ҳалхыҩцәа ирыдыргало?! Уажәазы, даара ибзиахон, Псафас ипиесала Шьалуа Гыцба Аԥсны аҿар ртеатраҿ иқәиргылаз аспектакль "Амцҳәаҩ даҭахуп" ҳажәлар зегь идырбазар. Издыруада, еснагь згәыӷрақәа иреижьо ҳара ҳалхҩы, амцҳәаҩ дшаҭахым алкаа аҟаҵараҿы ихәар. Илоуҵо ауп иааурыхуа, — рҳәоит аԥсуаа. Апарламент аразҟы ҳара ҳнапы иануп, аус зло, абжьыҭира мап ацәкны ииашаны абжьы аҭароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0