Бараҭелиа: аҵаақәа 8 миллион мааҭ аԥхасҭа ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа АРСМИРА аҿы имҩаԥигеит апресс-конференциа
Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа АРСМИРА аҿы имҩаԥигеит апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа 2016 шықәсазы араион аусура аихшьаалақәеи 2017 шықәсазы гәҭакқәыс ирымоуи ртәы далацәажәеит.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын алагамҭаз иҟаз аҵаақәа ирыхҟьаны ацитрусқәа аԥхасҭа ӷәӷәа роуит, абри атәы иҳәеит Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа АРСМИРА аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы, ахәаша жәабран 3 рзы.

"Ҳара ҳраион 8 миллион мааҭ рҟынӡа аԥхасҭа аиуит. Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩатә раионуп, аҽаҩра аҭагалара ҳара ҳалагоит абҵара алагамҭазы, аха ԥхынчкәынмзазы еиҳа аусутә рацәоуп. Иҟалаз аҵаақәа аԥхасҭа ӷәӷәа ҳарҭеит", — ҳә ациҵеит иара.

Анаплак дуқәа ироуз аԥхасҭа еиҳа еиҳауп, хаҭала ауаа ироуз аасҭа.

"Анаплак дуқәа мчыбжьык аҩныцҟа аҽаҩра рызҭагалом, мызки бжаки мамзаргьы ҩымз рҭахуп. Сынтәатәи ацитрустә сезон иаиуз аԥхасҭа даара ирацәоуп", — ҳә иҳәеит Бараҭелиа.

Апты иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы ҳҳәозар, уи еиҳарак хаҭалатәи асектор ауп изԥырхагаха. Анаплак ду "Софиа" аҽацәыхьначеит ахимиа ахы иархәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0