Лиана Гокориан ацхыраара лҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛиана Гокориан
Лиана Гокориан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаа иҟарҵаз ацхыраарала Лиана Гокориан ҩынтә аоперациа лзырухьеит, аха лгәабзиара шьақәгыларц азы аҽа ҩ-операциак лхылгароуп.

Афонд "Ашана" ихацнаркит аԥарақәа реизгара. Лиана Гокориан лгәаҳәарақәа лзеиҭалҳәеит ҳкорреспондент Амра Амҷԥҳа.

Амра Амҷԥҳа, Sputnik.

Ҩы-шықәса раԥхьа иахәҭаз аԥара еизганы Афонд "Ашана" Новосибирскҟа аоперациахь дрышьҭит Лиана Гокориан. Лиана лшьапы ажәтәахы ҭԥаны диит. Уи иахҟьаны аӡӷаб ларӷьашьапы ф-сантиметрак еиҳа икьаҿхеит армашьап аасҭа.

Афонд "Ашана" ахаҭарнак Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит, Лиана аԥхьа дара рахь даннеи аныҟәара лцәыцәгьан ҳәа. Новосибирсктәи анаука-ҭҵааратә институт аҟны Лиана аоперациақәа ҩба лзыҟарҵахьеит. Убри аан лшьапы х-сантиметрак иазҳаит. Аха ари макьаназы Лиана лгәабзиара ашьақәыргыларазы лымҩа алагамҭоуп.

"Лиана аҽа ҩ-операциак ҟалҵароуп. Новосибирсктәи аинститут аҟны рхы иадырхәоит ҳаамҭа иақәшәо, иреиӷьу атехнологиақәа. Аҳақьымцәа ирҳәоит аоперациеи аоперациашьҭахьтәи аамҭеи раан Лиана лхьаақәа хәуеит, ацыркьра даҟәыҵуеит ҳәа", — лҳәеит Афонд ахаҭарнак.

Операциак ахәԥса иартәоит 175 448 мааҭ. Ахәыҷы лҭаацәа аҭагылазаашьа рымам асеиԥш иҟоу аԥарақәа ршәаразы. Аҭаацәа рҿы Лиана лыдагьы ҩыџьа ахәыҷқәа ыҟоуп. Инхоит дара Гәылрыԥшь араион Ганахлеба ақыҭан.

Аҭаацәа раб машьынарныҟәцаҩыс дыҟоуп, ан џьаргьы аус луам.

Лиана 14 шықәса лхыҵуеит, аабатәи акласс аҟны дтәоуп.

Лиана Гокориан илҭахуп лаԥхьаҟа дизаинерс дҟаларц. Иахьа уажәнатә амодельқәа рескизқәа ҭылхуеит. Уажәнатәтәи лусумҭақәа реизга ааџьоушьартә иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0