"Ашәа еицаҳҳәап": "Аԥсны 67" ашәақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАконцерт "Ашәа еицаҳҳәап" азкын еицырдыруа агәыԥ "Аԥсны 67" 50-шықәса ахыҵра
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ аҟны имҩаԥысыз аконцерт "Ашәа еицаҳҳәап" азкын еицырдыруа агәыԥ "Аԥсны 67" 50-шықәса ахыҵра.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

"Са суардын", "Наныкьара", "Фама" — акыр шықәса зхыҵуа, аха азыӡырыҩцәа ес-ҽны бзиа ирбо, еиҳа-еиҳа иргәаԥхо ашәақәа иреиуоуп. "Аԥсны 67" арепертуар иалоу ашәақәа нарыгӡон амузыкатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" аҟны аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа. Аԥхьа асценахь ицәырҵит аиубелиарцәа, агәыԥ "Аԥсны 67" ашәаҳәаҩцәа. Инарыгӡеит еиуеиԥшым аамҭақәа рызтәи ашәақәа. Апроект автор Хьыбла Мықәԥҳа лажәақәа рыла аконцерт азы ашәақәа ралхра уадаҩрак аҵамлаӡеит. Аиҿкааҩцәа акыр ацхыраара рылҭеит агәыԥ асолистка Лиудмила Гәымԥҳа.

"Ҳара аконцерт акраамҭа ҳҽазҳархион. Аҭакԥхықәра ҷыда шҳадыз аабон, егьырҭ, уаанӡатәи ҳконцертқәа ишреиԥшымыз ҳныруан", — лҳәеит Хьыбла Мықәԥҳа.

Аконцерт амҩаԥгаҩцәа Хьыбла Мықәԥҳаи Алхас Манаргиеи еиҭарҳәон агәыԥ аҭоурых. Аконцерт ахәаԥшыҩцәа урҭ аамҭақәа еиҭарзыхынҳәуан, рцәаныррақәагьы рзыҵәахуамызт.

"Аԥсны 67" ашәақәа зегьы аԥсадгьыл абзиабара рылыжжуеит. Урҭ уанырзыӡырыҩуа зны уҵәыуоит, зны угәырӷьоит. Сара ари агәыԥ сашьклаԥшуеижьҭеи акрааҵуеит. Избогьы акоуп – артистцәа еснагьеиԥш ишҿаз иаанхеит, рашәақәа ракәзаргьы бзиа ишырбац ирбоит", ҳәа лҳәеит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.

"Аԥсны 67" иахәаԥшырц, иазыӡырҩырц арахь иааиит ауаа рацәа. Гагрантәи иааз азыӡырҩы Марина илҳәон:

"Арҭ ашәақәа сара сқәыԥшра иатәуп. Сҩызцәеи сареи концерт бжьаҳажьуамызт. Иахьа избеит ансамбль ашәақәа зегьы ҿырҳәала ишыздыруа. "Наныкьара" акәзар, зегь раасҭа бзиа избо ашәоуп".

"Аԥсны 67" ажәлар иртәу, ирызгәакьоу коллективуп ҳәа ишьоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, агәыԥ асахьаркыратә напхгаҩы Нодар Саӷариа.

"Ашәа бзиа ԥсра ақәым. Агәахәара ду ҳауеит аҿаргьы ҳашәақәа ишырзыӡырыҩуа анаабалак. Апроект авторцәа ракәзар, ҭабуп ҳәа раҳҳәоит", — иҳәеит иара.

"Аԥсны 67" ашәақәа арадио, ателехәаԥшра рыла иуаҳауеит, иарбанызаалак ныҳәак дара рыда имҩаԥысуам. Абри еиҳау зхаҵарагьы ыҟам.

Апроект "Ашәа еицаҳҳәап" (авторцәа Мадина Аргәынԥҳаи Хьыбла Мықәԥҳаи) раԥхьаӡа акәны аԥсуа естрадаҟны ицәырҵит 2013 шықәса рзы. Иара хықәкы хаданы иамаз аԥсуа ашәақәа азыӡырыҩцәа рыларҵәароуп.

Авокал-инструменталтә ансамбль "Аԥсны 67" аԥҵан 1967 шықәса рзы. Иахьа ара ашәа рҳәоит: Нодар Саӷариа, Рафаил Гагәлиа, Геннади Бебиа, Аркади Қриа, Лиудмила Гәымԥҳа. Ансамбль арепертуар аҿы иҟоуп 100 инареиҳаны ашәақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0