Аветеран Алықьса Шьониа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа игәалаиршәеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАветеран Алықьса Шониа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа игәалаиршәеит
Аветеран Алықьса Шониа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа игәалаиршәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа Рхеилак ахантәаҩы Алықьса Шьониа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа игәалаиршәеит.

ГАГРА, жәабран 22 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа есышықәса Гагра иҟоу ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҿы мызкы иҽихәышәтәуеит. Уи аамҭа иалагӡаны, иара иаԥшьгарала араҟа згәабзиара шьақәзыргыло Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи иареи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит, иргәаладыршәоит ари аҵакыраҟны Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аҵеицәа.

Иахьа, Алықьса Шьониа иҩызцәа иманы даҭааит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагратәи аоперациаҿы иҭахаз аԥсуа телехәаԥшра аоператор Анзор Кәарҷелиа ихьӡала ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр ашҭаҿы ишьақәыргылоу абаҟа, уи амҵан ишьҭарҵеит ашәҭқәа.

Анзор Кәарҷелиа дшаоператорзгьы, иԥсаҵкmыс бзиа иибоз Аԥсынра ахьчара дазгылеит абџьар кны. Иара убас икамера аашьҭыхны иҭихуан илаԥш иҵашәоз зегьы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа, ҷыдала дизааигәоуп Анзор Кәарҷелиа. Избанзар иара аус ициуан Алықьса иԥа Анатоли.

"Сԥа Анатолии Анзори еиҩызцәан, аус еицыруан. Иаргьы аибашьраҿы аӷа ихымца ихьӡеит, уи ашьҭахь шықәсқәак анҵы имаз ахәра ӷәӷәа иахырҟьаны иԥсҭазаара далҵит", — иҳәеит аветеран.

Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, Гагра иҟоу ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр агаразы имҩаԥгаз ажәылараан аӷа ихымца дагоит Анзор Кәарҷелиа. Иара дҭахоит еибашьҩык еиԥш, абџьар кны. Анзор Кәарҷелиа дҭаацәаран, иҭынхеит ҩыџьа аԥацәа.

Иахьазы телехәаԥшрала иаҳдырбалоит 1989 шықәсазы иҟаз ахҭысқәа зныԥшуа авидеокадрқәа. Усҟан амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иалахәыз аԥсуа ҵеицәа, Гагратәи астадион аҟны аҿагылара рырҭеит ақырҭуа националистцәа. Арҭ акадрқәа зегьы Анзор Кәарҷелиа иҭыхымҭоуп. Усҟан иара ақырҭцәа ахаҳә дшадыргозгьы илшеит иус анагӡара.

Ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, абык еиԥш бзиа дырбоит Анатоли Шьониа, дара еснагь иаара иазыԥшуп.

"Ҳаб Алықьса игәабзиара шьақәиргыларц арахь данаауа ҳара ҳзы ныҳәоуп. Даара аинтерес зҵоу, зыхшыҩ беиоу уаҩуп. Имаҷымкәа ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи ихигахьеит. Аха уеизгьы, еснагь длахҿыхӡа ҳагәҭа дгылоуп. 95 шықәса шихыҵуагьы, игәашьамх ӷәӷәоуп. Лассамҭа ҳазшаз дҳагимырхааит", — рҳәоит аветеранцәа.

Алықьса Шьониа ианашьоуп "Аеҵәа ҟаԥшь" аорден, "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду" актәии аҩбатәии аҩаӡара змоу аорденқәа, "Ахьӡ-аԥш" аорден аҩбатәи аҩаӡара. Зынӡа ианашьоуп 42 ҳамҭа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иаҭәашьаз "Агәымшәаразы" амедалгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0