Кристина Ешԥҳа лконцерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукКристина Ешԥҳа лконцерт
Кристина Ешԥҳа лконцерт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Петр Чаиковски иромансқәа ҩныҩуан Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Акамератә музыкеи аромансқәеи рыбзиабаҩцәа рзы еиҿкаан Кристина Ешԥҳа лпрограмма ҿыц. "Иалкаау Чаиковски иромансқәа" ирзыӡырыҩуан жәабран 28 рзы Аҟәатәи амузыка абзиабаҩцәа.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Кристина Ешԥҳаи Шәачатәи Аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Валериа Анфиногеновеи идыргәырӷьон ҳауаажәлар.

"Икьаҿыз аамҭақәак рыла Петр Чаиковски иҩит: аоперақәа 10, абалетқәа 3, 14 симфониатә рҿиамҭа иара убасгьы ахор азы ашәақәа, афортопианотә музыка, 112 романс. Иахьа ишәаҳараны иҟоу урҭ имаҷӡоу рыхәҭак ауп", — лҳәеит афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа.

Аконцерт аартуа лара иазгәалҭеит Кристина Ешԥҳа иазлырхиаз апрограмма акамератә программа хадоуп ҳәа. Кристина Ешԥҳаи Валериа Анфиногеновеи лассы-лассы еицықәгылалоит.

"Сара иахьа концертмеистерк иаҳасабала сшықәгылогьы ҷыдала абри аконцерт азы исҵаз арҿиамҭақәа ыҟоуп. Сгәы иаанагоит азыӡырыҩцәа ргәы аҟаҵара ҳалшап ҳәа", — лҳәоит Валериа Анфиногенова.

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа арҵаҩы Ламара Арчелиаԥҳа иазылыԥхьаӡоит аконцерт арепертуар дыра дула ишьақәыргылан ҳәа.

"Иаабоз, иҳаҳауаз зегьы ссирын. Кристина лоума апианиноарҳәаҩы лоума рыԥшра-рсахьа инаркны рашәаҳәашьа, рыхәмаршьа аҟынӡа зегьы угәы шьҭырхуан", — лҳәеит лара.

Аестрадатә шәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳа раԥхьаӡа акәны Кристина лконцерт ахь дааиит.

"Сара аклассикатә музыка аконцертқәа сырҭаалоит. Кристина асценаҿы иҟалҵоз зегьы сныруа иҟалҵон. Слыцыччон. Слыцҵәыуон", — лҳәоит Саида.

Аконцерт аҟны инагӡан 16 романс, Плещеев, Толстои, Гете, Полонски, Романов ражәеинраалақәа ирылхыз.

"Сгәырӷьара ҳәаак амам", — лҳәеит Кристина аконцерт ашьҭахь.

Кристина Ешԥҳа 2012 шықәса рзы Гнессинаа рыхьӡ зху Академиа далгоит. Еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аконкурсқәа дрлауреатуп. 2014 шықәса раахыс-Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа солистс дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0