Валериа лзы шәыбжьы шәҭыи: онлаин-бжьыҭира хацыркуп "Ты супер!" алахәылацәа рзы

© Sputnik / Илона ХварцкияВалериа Адлеиаԥҳа
Валериа Адлеиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анформациатә маҵзуреи арадио Sputnik онлаин-бжьыҭира хацнаркит апроект "Ты супер!" алахәылацәа рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Sputnik Аԥсны иаанартит апроект "Ты супер!" алахәылацәа рзы абжьыҭира. Апроект аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылоит Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩы, 11-шықәса зхыҵуа Валериа Адлеиаԥҳа.

"Сара гәадурыла Аԥсынтәыла ахьӡала сықәгылоит. Исылшо зегьы ҟасҵоит сыгәра зго, исықәгәыӷуа ауаа ргәы еиҵасмырхарц. Иҭабуп ҳәа расҳәоит сара сзы зыбжьы зҭиуа зегьы. Ҭабуп, сыԥсадгьыл, исуҭо адгыларазы", ҳәа лҳәоит Валериа.

Дарбанызаалак абжьыҭира зҭахны иҟоу Sputnik апортал аҟны ибжьы иҭир илшоит. Еиҳа абжьырацәа зауа ироуеит алшара радио Sputnik аефир ала ақәгыларазы, аконкурс алацәажәаразы.

Валериа Адлеиаԥҳа аконкурс аҟны дықәгылараны дыҟоуп хәажәкыра 4 рзы.

Валерия Адлейба - Sputnik Аҧсны
Лера илеиӷьу адунеиаҿ дыҟам: Лера класск аҿы илыцтәоу ишрылшо ала илыдгылоит

Абжьыҭира алшоит лаҵарамза 26 рҟынӡа: Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларусиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдова, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟны.

Аконкурсантцәа қәыԥшцәа рықәгыларақәа, рҽазыҟаҵарақәа, риааирақәа ртәы жәбар алшоит Sputnik асаитқәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны.

Апроект "Ты супер!" хәажәкыра 4 рзтәи аефир аҟны дцәырҵуеит Аԥснынтәи апроект алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа.

Апроект "Ты супер!" мҩаԥысуеит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дҟалоит Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 инаркны. Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит

НТВ асаит аҟны. Ашоу иазку ажәабжьқәа рдырра шәылшоит Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭоит аиндаҭлара амҩаԥысшьа. Иара иалахәуп 92-ҩык авокалистцәа: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларуссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдавиа, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0