Саида Оҭырԥҳа: саныхәыҷыз инаркны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа избоит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳаагәыҳалалратә фонд "Багира" аиҳабы Саида Оҭырԥҳа
агәыҳалалратә фонд Багира аиҳабы Саида Оҭырԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа избо ауаҩы игәы разуп ҳәа изырҳәоит. Ус дагьыҟацәҟьоуп жәларбжьаратәи аҳәса рымш ныҳәа аламҭалаз зыӡбахә сҳәарц сҭаху, раԥхьатәи Гагратәи аԥстәқәа реиқәырхаразы агәыҳалалратә фонд "Багира" аиҳабы Саида Оҭырԥҳа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс зегь реиҳа пату зқәиҵоз ирахә анаҩс ила акәын. Уи ҩызара изнауан шәарыцара данцоз, уи адагьы иҩны игәара ахьчон.

Иахьагьы, ала ҳаԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп. Ҳаиҳараҩык ҳҭаацәара ихәҭакны иаҳԥхьаӡоит. Ус акәын Саида Оҭырба лҭаацәараҟынгьы, иахьа, аԥстәқәа реиқәырхаразы агәыҳалалратә фонд зыхьӡ ахылҵаз ала Багирагьы шырԥхьаӡоз.

"Багира "Алабаи" ажәла аман. Иара шьоукы рзы Урыстәылантәи иаҳзаарышьҭит, аха аԥшәмацәа ала ду ҳазныҟәгом рҳәан, ус ҳара иаҳзынхеит. Ҵыԥх, ааԥынразы ҩышықәса зхыҵуаз, ҭаацәала бзиа иаабоз Багира, адәахьы ишныҟәоз, ашҳамак аҿыҵашәан, иԥсит. Уи даара ихьааҳгеит. Багира аныҟамла ашьҭахь, схаҿы иааит аԥстәқәа реиқәырхаразы агәыҳалалратә фонд аԥҵара", — лҳәоит Саида.

Саида Оҭырԥҳа алақәа рахь абзиабара лылааӡоуп даныхәыҷыз инаркны. Лара лаб Ваниа дшәарыцаҩын. Убри аҟынтә ашәарыца лақәа рыман.

"Саб алақәа ашәарыцашьа андирҵоз, еснагь аинтерес аасырԥшуан. Ача аԥсы шҭаз идирбон. Анаҩс аҵыс ирԥыруан, уи хара иантәалак алақәа ашьҭеиҵон. Дара ача имшьыкәа, ахаԥыцқәа аламҵақәа иааргон. Иҟалалон, адҵақәа рынагӡараҿы алақәа агхақәа аныҟарҵоз, аха саб иԥҟаӡомызт. "Шәаргьы ишәзеилымкаауа рацәоуп, аха шәаҳԥҟома?" ҳәа дахлафаауан. Саб иднагалоз алақәа зегьы иажәны имԥсыкәа, иара ахаан дрылакьысуамызт", — илгәалалыршәоит афонд "Багира" аиҳабы.

Саида Оҭырԥҳ лажәақәа рыла, алақәа рзы ахкыдкыларҭа аргыларазы, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба Сальма ақыҭан 50 десҭын адгьыл рзалиԥшааит. Хара имгакәа, шә-лак инарзынаԥшуа иакратәы ахыбра аргылара нап аркхоит.

Аԥстәқәа реиқәырхаразы Гагратәи агәыҳалалратә фонд "Багира" мызқәак ирылагӡаны аԥшәмацәа змамыз ҩышә ла аҩнқәа рзырԥшааит. Аҳәаанырцәтәи афондқәеи дареи ирыбжьоу аимадара иабзоураны 70 ла Аԥсны анҭыҵ ақалақьқәа Москва, Санкт-Петербург, Ставрополь, Самара аԥшәмацәа рзалԥшаан, быжь-лак зынӡа рымҩа харахеит, урҭ рыдыркылеит Германиа, ақалақь Франкфурт инхо аҭаацәарақәа.

"Ҳара алақәа здызкыло аԥшәмаҵәа ус баша ираҳҭаӡом, рганахь агәрагара ҳамамкәа. Ҳнапы злаку аус ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит", — лҳәоит Саида.

Саида лнапы злаку аус аҟны ацхыраара лырҭоит Аҟәантәи аволонтиорцәа аӡәырҩы. Афонд "Багира" "Универсал Банк" аҟны иамоуп ахатәы ахыԥхьаӡаларҭа ҷыда. Уахь аԥара аларҵоит агәаҳәара змоу зегьы.

"Ҳара ҳфонд имҩаԥнаго аусқәа зегьы цәыргоуп Instagram Facebook рҟны. Уаҟа ианаҳҵоит, иӡыз, аԥшәмацәа змам, иара убас ааха заузи ичмазаҩқәоуи алақәа рфотосахьақәа. Анаҩс, аҭаацәарақәа рахь идәықәҵоу алақәа уахь ицаанӡатәии, аԥшәма бзиа ианиднагалази азырбо афотосахьақәа. Алақәа рыбла унхыԥшылар иумбарц залшом, ианԥшәымадаз рыблақәа еихьшьшьы ишыҟази, аԥшәма данроу ирхылаз аццышәи", — ҳәа азгәалҭоит афонд "Багира" аиҳабы.

Саида Оҭырԥҳа лҭаацәараҟны зегьы бзиа ирбоит аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи. Лара ԥшьҩык ахшара дрануп. Ҩыџьа лԥацәа аԥсуаа рҟны ишаԥу еиԥш ашәарыцара иазҟазоуп, аха аинтерес аҳасабалоуп акәымзар, ашәақь ҭырҟьаны иршьӡом.

"Ачақәа ианраамҭоу сԥацәа хыԥхьаӡара рацәала икны иааргоит. Аҩны ҳгәазхара ҳрыхәаԥшны, шаҟа цыра ыҟоу интересс иҟаҵаны иаҳԥхьаӡоит, анаҩс аԥенџьыр аартны иоуҳажьуеит", — дыччо илҳәоит, ашәарыцаҩцәа ран.

Аӡәгьы изы имаӡаӡам, ҳтәыла ақалақьқәа рҟны, акрыфарҭақәеи агәамсам еизгарҭақәеи рҿы аԥшәма ииҭахым аласбақәеи ацыгәқәеи ааганы ишоуижьуа. Иара иаԥхьаҟа дхәыцӡом, аԥстәқәа ирыԥсҭазаашьахои ҳәа. Хылаԥшрада ақалақь иалахо алақәеи ацыгәқәеи еиуеиԥшым ачымазарақәа дырҿиоит. Ианрызҳалак, иҟалалоит, алақәа ауааԥсыра ианрызҭрысогьы, ргәабзиара ааха анарҭогьы. Зегьы ибзианы иаҳдыруеит ааԥкра чымазара иахҟьаны шаҟаҩы рыԥсҭазаара иалҵхьоу.

Абри аҭагылазаашьа аԥыхразы, Саида Оҭырба, алаԥсқәеи ацгәаԥсқәеи змоу аԥшәмацәа аҳәара рылҭоит, аветеринар ҳақьым идҵааларц, насгьы аԥстәқәа рчымазарақәа хызҽо агәырқәа рылырҵаларц.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, лассы-лассы аинтернет асаитқәа рҟны иумбарц залшом, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи, цасҳәа ааха рыҭаны иахьырхыччо, иахьдыргәаҟуа авидеои афотосахьақәеи. Аиашазы, сара ас еиԥш ахымҩаԥгашьа ҳтәылауаа рхы иаҭәрымшьоз џьысшьон. Аха Саида лажәабжь сгәалаҟазаара бжьнахит.

"Гагра ақалақь, иаҳԥыхьашәеит ахьаа ӷәӷәа зманы иӷзоз ала. Уи аԥхашьаратә цәеижьхәҭа, макәан шахала иҿаҳәаны аӡәы иоуижьит. Зыхәҭақәа абаара иаҿыз ала, амедицинатә цхыраара аҳҭеит. Аоперациа азуны, ашьапы иқәҳаргылеит. Анаҩс, аԥшәмагьы дазаҳаԥшааит Уи Аҟәа ақалақь дынхоит, аџьармыкьаҟны акәац ҭиирҭаҿы аус иуеит, убас ашәарыцара дазҟазоуп. Ааигәа, иара ҭелла иҽҳамаданы иаҳзеиҭеиҳәеит, ила Рекс ашәарыцараҟны алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа, иҭабуп ҳәагьы ҳаиҳәеит, абас еиԥш ала бзиа ахьидаҳгалаз", — ҳәа ҳаиллыркааит Саида.

Афонд "Багира", алақәа рныҟәгараҿы ацхыраара арҭоит аԥстәқәа рлахьынҵа иазхьаауа ауааԥсыра. Саида лнапы злаку аус аҟны илыцхраауа Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи аҭыԥантәи адепутатцәа Александр Ҵышәбеи Алиас Ажьибеи иара убас администрациа аусзуҩ Владимир Аҩардани, ақалақь анхарҭатә усбарҭа аусзуҩ Адгәыр Шәлымбеи Аҟәатәи аволонтиорцәеи иҭабуп ҳәа ралҳәоит.

Саида Оҭырԥҳа бзиа илбоз ала Багира анԥсы ашьҭахь, уаҳа лак аҩны ишлыдлымкыло лҳәахьан. Аха ҽнак зны, аинтернет аҟны лылаԥш ақәшәеит "Алабаи" ажәла иатәыз ала иазкыз авидеоролик, уи акырӡагьы даршанхеит.

"Авидеоролик аинтернет аҟны иҭаргалеит Москватәи аобласт, ақалақь Истра аԥстәқәа реиқәырхаразы агәыҳалалратә фонд администрациа. Уаҟа иҭыхыз ала даара Багира еиԥшын. Иаразнак сыҽрымыздан еилыскааит, уи Агата захьӡыз ала аԥшәма дшазырыԥшаауа. Сара исмоур ҟалом анысҳәа, мап сцәыркит, ҳара зыгәра ҳго иоуп ала заҳҭо рҳәеит. Нас саалаган, Багира афотосахьақәеи иахьаныз авидеоҭыхымҭақәеи рзысшьҭит, идеилсыркааит машәырла исшыцәԥсыз. Даргьы срыцҳаршьазар акәхап, азин сырҭеит изгарц. Хара имгакәа Москвантәи иаауаз сҩызцәа Агата сзааргеит. Еснагь иҳацынхозшәа, ҳаҩны ашәхымс ианаахыҵ инаркны ҳҭаацәара иахәҭакхеит", — лҳәеит ҩаԥхьа ала згәы азаазыртыз Саида.

Макьаназы, ҳаилазаара Саида леиԥш иҟоу ауаа реилкаара рцәыуадаҩуп. Лара лыуацәеи лҭынхацәеи атәымуааи изныкымкәа илаҽԥнырҳәахьеит, "иахьатәи ҳаамҭазы шаҟаҩы фатәыда, ҩныда ауааԥсыра адәы иқәоу, бара алажәқәа брышьҭоуп2 ҳәа. Агәра згоит, дара, хара имгакәа Саида илымоу абзиабара зегьы ишрызхо еилыркаап ҳәа.

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш ныҳәа аламҭалаз, агәыцқьа зызҭоу Саида Оҭырба илзеиӷьасшьоит лнапы злаку аусқәа зегьы лықәманшәалахарц.

Ҳаргьы маҷк иадамхаргьы, лара лҿырԥштәы ҳақәныҟәар, адунеи аҟны аразра еиҳахон.

Ишәгәаласыршәар сҭахуп жәабжьк.

Шәарыцаҩык ила чмазаҩхан, ашьра изымгәаӷькәа абнаҿы инижьит. Уи ишьҭархх иааиуаз ҷкәынак, аԥсра иаҿыз ала рыцҳаишьан аҩныҟа игеит. Ашьапы ианықәиргыла, агәра игеит, шаҟа ила бзиаз, ауаҩы изааигәаз. Иаргьы ашәарыцара бзиа избоз иакәын. Ҽнак зны, ала шицыз, абнараҟны диқәшәеит аԥшәма хаҭа. Ила иабоз изхамҵо ҿааиҭеит, "ари ала сара истәуп, сахьцо изгоит" ҳәа. Ала зхәшәтәыз иакәзар, ҭакс ииҭеит, "хьаас ианумаз аума, аԥсра ишаҿыз икьажьны ушца" ҳәа. Ажәа еимако ишгылаз, ирулак ирыӡбеит, хаз-хазы амҩақәа ирнылап, убасҟан, ала зыцны ицо, иара итәхарц. Ус иагьыҟарҵеит. Ала, раԥхьатәи аԥшәма еигәырӷьо ицны аҿынанахеит. Изхәшәтәыз иакәзар, илахь ааиқәылан, акагьы мҳәақәа иҩныҟа иҿынеихеит. Акраамҭа дышнеихьаз, иашьҭахь шьҭыбжьқәак иаҳаит, даахьаԥшзар, еиқәирхаз ала ишьҭа ианыланы иаауан…

Ажәабжьқәа зегьы
0