Искандер ипремиазы инашьҭу аԥсуа проза

Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиазы зусумҭақәа назгаз Sputnik иазеиҭарҳәеит аконкурс ралахәра атәы.

Бадрак Аҩӡба, Sputnik

Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит иналукааша ашәҟәыҩҩцәа рцентр "Русский ПЕН-центр". Аиндаҭлара аҽалархәразы уахь инарышьҭит имаҷымкәа арҿиамҭақәа. Жәабран 28 рзы азыҳәақәа рыдкылара хыркәшан. Азыҳәақәа нарышьҭит Москва, Красноиарск, Владивосток, Петрозаводска, Ермантәыла рҟынтәи. Урҭ ирылоуп Аԥснынтәи анашьҭымҭақәагьы. Дара аноминациа "апроза" ахь ауп русумҭақәа ахьықәдыргыло.

Игор Хәарцкьиа аконкурс ахь инеишьҭит иажәабжьқәа реизга "Дом на окраине", Витали Шариа – апрозатә рҿиамҭақәа реизга "Букет Абхазии", Владимир Делба – ажәабжьқәа еидызкыло ашәҟәы "Апсны – обитель души моей", Ричард Чкадуа ааигәа иҭыҵыз ифилософиатә рҿиамҭақәа еидызкыло ашәҟәы "Чан".

Апоет Игор Хәарцкьиа иазгәеиҭеит Фазиль Искандер иахь имоу азыҟазаашьа ҷыда.

"Сара корреспондентс арадио аҟны аус зуан. 1980 шықәса рзы Фазиль Аҟәа дааны дыҟан. Сара аԥсуа телехәаԥшразы иазсырхиеит Фазиль иинтервиу. Иара аԥсышәа цқьала дсацәажәон", — иҳәеит Хәарцкьиа.

Игор Хәарцкьиа еиҭеиҳәоит Фазили иареи рыхҭыск. Уи ахҭыс Фазиль иажәабжьк аҟнгьы иааигоит.

"Жәындәрыԥшь ҳаицны ҳаҟан. Фазиль хьшьыцбала ашәарыцара аинтерес иман. Дизысыԥшааит уи аҩыза ашәарыцара знапы алакыз ауаҩгьы, Платон захьӡыз. Мышкы хәлаанӡа Фазили иареи ашәарыцара акәама-ҵамарақәа ирылацәажәон. Абри ашьҭахь ауп Фазиль ажәабжь "Чик ашәарыцараҟны" аниҩыз. Фазиль сара оумашәа ҳаҭырла сыззыҟоу рҿиаҩын", — иҳәоит Хәарцкьиа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ажиури ахантәаҩы: Искандер ихьӡ зху апрема аиуразы 50 усумҭақәа раҟара ыҟоуп

Иара ишиҳәо ала ишәҟы иагәылоуп Фазиль изку ахы "Непревзойденный укротитель слова" захьӡу.

Ричард Чкадуа аконкурс ахь инеигаз ашәҟәы "Чан" ааигәа иҭыҵит. "Аконкурс аԥҟарақәа рыла аноминациақәа "проза" ма "поезиа" уҽрылаурхәыроуп. Сара исҭахын рыҩбагь срылахәызар", — иҳәоит Чкадуа.

Апремиа аиураз аконкурс рҽаладырхәит: Евгени Евтушенко, Иури Арабов, Игор Волгин, Григори Кружков уҳәа еицырдыруа авторцәа.

Аусумҭақәа рыдкылара иалагеит ԥхынҷкәын акы инаркны. Хәажәкыра фба рзы ихыркәшахеит. Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт.

Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ажәабжьқәа зегьы
0