Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа анашьара мҩаԥысит

© Sputnik Бадрак АвидзбаВручение наград премии имени Таифа Аджба
Вручение наград премии имени Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьара иазку ахәылԥаз мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьара иазку ахәылԥаз мҩаԥысит ахәаша хәажәкыра 10 рзы.

Ахәылԥаз иалахәын ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, ауаажәларратә усзуаҩцәа, Таиф Аџьба ирҿиара бзиа избо аԥхьаҩцәа.

"Ари даара иҳаракны ахәшьара зуҭаша хҭысуп, иналукааша аԥсуа поет, аиҭагаҩ, апублицист Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ахьаԥҵоу. Таиф Аџьба сара сахьынаԥшааԥшуа ҳакәша-мыкәша иҿио алитературақәа рахь схьаԥшны ирылскаауа дыруаӡәкуп", — иҳәеит апоет, Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа. 

Таиф Аџба ихьӡ зху апремиа х-номинациак рыла ишьақәгылоуп: апоезиа, апроза, адраматургиа. Адрама ажанр ала апремиа аиуразы аусумҭақәа ыҟамызт, апроза ала иқәгылан усумҭак — Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызкны иаԥиҵаз ажәабжьқәа, аповестқәа реизга "Ардәына". 

Апоезиа аноминациа иалахәын еицырдыруа аԥсуа поет, адраматург Валери Касланӡиа ахәыҷқәа рзы иаԥиҵаз ашәҟәқәа ҩба — "Жьакәыри" "Анҷа-кәынҷеи", ашәҟәыҩҩы, апоет Платон Бебиеи ишәҟәы "Уа мшабзиа, амш бзиа", Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ахәыҷқәа иранаишьаз ажәеинраалақәа реизга "Аҵыс иаҵәа". 

Ахәылԥаз даараӡа аԥхара аҵаны имҩаԥысит, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа Хьыбла Мықәбеи Даур Арухааи инарыгӡеит апоет иажәеинраалақәа, иқәгыланы ицәажәоз иазгәарҭон Таиф Аџьба аԥсуа литератураҿы илагала шырацәоу. Ахәап шцәа рҿаԥхьа рабду иажәеинраалақәа нарыгӡеит апоет имаҭацәа.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу инаҵшьны иазгәеиҭеит апремиа заԥшьгаз Таиф Аџьба ихьӡ акамыршәразоуп.

"Иахьатәи амш аиашазы аԥсуа доуҳатә культураҿы даҽа даҟьак аатит ҳәа. Избан акәзар алитература ажанрқәа зегь ҿиоит, аха ахәыҷтәы литература аҟны аиҵахарақәа шыҟоу аадыруеит. Ашәҟәыҩҩцәагьы, аҳәынҭқарра амаҵ азызуагьы, ҷыдалагьы акультура аминистраа абри аус иахаҵгыланы ахәыҷтәы литература аганахь ала Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аԥҵоуп даараӡа ииашаны", — азгәеиҭеит уи.

Ахәылԥаз иалахәыз идырбан иара убас Таиф Аџьба ажәеинраала дахьаԥхьо архив аҟнытә авидео.

"Иахьа раԥхьаӡа имҩаԥысуеит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа алауреатцәа рыдныҳәалара. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп апремиа анашьаразы акомиссиа. Сынтәа адраматургиа ажанр ала аусумҭақәа ыҟаӡам, аха ҳгәы иаанагоит егьырҭ ашықәсқәа рзы иҵегь аусумҭа ҿыцқәа цәырҵып ҳәа", — лҳәеит Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа алауреат Анатоли Лагәлаа иажәақәа рыла, апремиа ацәырҵра аамҭа иақәшәо иҟалеит.

"Иахьа ҳаԥсуа доуҳатә култура, еиҳараӡакгьы ахәыҷқәа, аҿар ирызку алитература еиҵаханы иҟан. Абри стимул духоит ҳашәҟәыҩҩцәа рзыҳәа, уаҵәтәи ҳамш иазхәыцуа рзы. Иахьа ҳаԥсуа поезиаҿы иреиҳаӡоу апоетцәа хәҩык рыгәҭа исыргыло Таиф Аџьба иоуп", — иҳәеит уи.

Жәабран 9 рзы имҩаԥгаз маӡалатәи абжьыҭирала апоезиа ажанр аҟны Валери Касланӡиа иусумҭақәа апремиа ранашьан. Апроза аҟны Анатоли Лагәлаа ишәҟәы "Ардәына" иазхашаз абжьқәа аиуит, убри алагьы Таиф Аџьба ипремиа далауреатхеит.

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Таиф Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи рабжьгарала. Аусуратә комиссиа дахагылоуп афилологиатә наукақәа рдоктор Валентин Коӷониа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0