Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхарақәа активла имҩаԥсыуеит Гагра

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхарақәа активла имҩаԥсыуеит Гагра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхарақәа активла имҩаԥсыуеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа активла имҩаԥысуеит Гагра араион аҟны.

ГАГРА, хәажәкыра 12 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҟны, Аԥсны Жәлар Реизара, Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит, алхратә ҭыԥ хадарақәа хәба рҟны.

Ашьыжь асааҭ быжьба инаркны, алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәеи ркомиссиақәа рхаҭарнакцәа алхратә ҭыԥқәа рҟны инеит. Асааҭ ааба рзы алхратә ҭыԥқәа рышәқәа аартны ирыдыркыло иалагеит раԥхьатәи алхыҩцәа.

Ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Пицунда ақалақьи Лӡаа ақыҭеи, араҟа абжьыҭира мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥқәа хԥа рҟны, хҩык акандидатцәа рзы.

Алкратә кампаниа - Sputnik Аҧсны
Гәагьиа: аофициалтә шшрақәа акыр имаҷын

Ажәабатәи алхраҭә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Бзыԥҭа аҳаблеи Ацитрустә Совынхареи, Алаҳаӡыхь ақыҭеи – абжьыҭира мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥқәа хәба рҟны, ҩыџьа кандидатцәа рзы.

Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Ԥсахара ақыҭеи Гагра ақалақь азхәҭаки, араҟа абжьыҭира мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥқәа хԥа рҟны, хҩык акандидатцәа рзы.

Ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Гагра ақалақьи Багрыԥсҭа ақыҭеи, абжьыҭира мҩаԥсыуеит алхратә ҭыԥқәа хәба рҟны, быжьҩык акандидатцәа рзы.

Ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Цандрыԥшь аҳаблеи, иаԥну ақыҭақәеи, зынӡа алхыҩцәа рыбжьы рҭиуеит алхратә ҭыԥқәа жәаха рҟны, хәҩык акандидатцәа рзы.

Иааидкыланы, Гагра араион аҟны, сиала рыбжьы рҭираны иҟоуп 26.477-ҩык алхыҩцәа.

Асааҭ жәаҩа рзы, алхратә ҭыԥ хадақәа ркамиссиа иҟанаҵаз алкаақәа рыла бжьыҭира инеихьеит 6.103-ҩык.

А-12-тәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Венера Чагәаа лажәақәа рыла, макьаназы, алхрақәа еилагарада имҩаԥысуеит.

"Сара ҷыдала ҳалхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа рыхәбагьы сырҭааит. Агәра шәсыргоит зехьынџьара асааҭ жәаҩанӡа еилагарада алхрақәа шымҩаԥысуаз. Иааиуа ҳауаажәлар ракәзаргьы, илахҿыхӡа, ԥхьаҟа аԥеиԥш лаша ишақәгәыӷуа убоит", — ҳәа инаҵылшьит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0