Даур Ԥарулуа: ҳбызшәеи ҳкультуреи еивагыланы ицалароуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа Лӡаа ақыҭан иаԥҵаны имоу ансамбль "Аԥхьарца"
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа Лӡаа ақыҭан иаԥҵаны имоу ансамбль Аԥхьарца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәра ацәа зыҟәну, абиԥарала иаауа, аԥсуа жәлар рмузыка зхылҵуа аинструментқәа иахьа еиднакылоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа Лӡаа ақыҭан иаԥҵаны имоу ансамбль "Аԥхьарца". Сынтәа уи 19 шықәса ахыҵуеит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Даур Ԥарулуа данқәыԥшыз инаркны аԥсуа ажәытә музыкатә инструментқәа аирҳәон, еиҳараӡак дазҟазан амырзакан. Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа аорекстр аҟәша даналга, 1982 шықәса инаркны 1989 шықәсанӡа Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны амырзаканрҳәаҩыс дыҟан. Анаҩс диасуеит Гагратәи ансамбль "Афырҭын" ахь.

Арҭ аколлективқәа хьӡи-ԥшеи ргахьан, Аԥсны анҭыҵгьы, еиуеиԥшым афестивальқәеи аконкурсқәеи рҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахон.

Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар роркестр аԥҵоуп - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар роркестр аԥҵоуп

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага Даур Ԥарулуа, имузыкатә инструмент днаханы абџьар шьҭихар акәхеит. Пицундатәи абаталион Лӡаатәи арота далан. Деибашьуан ахырхарҭақәа жәпакы рҟны. Марттәи ажәылараан ахәра иоуит.

Шықәсык инеиҳаны злымҳа ахысыбжь ҭыҩуаз аибашьҩы аҭынч ԥсҭазаара аныҟала, амузыкахь ахынҳәра изымариамызт. Аха, аамҭала аус зциуаз иҩызцәа аҳәара ирҭеит ҩаԥхьа дрывагыларц.

"Аибашьра ашьҭахь, Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа рконфедерациа аҳаҭыр азы, иаԥҵахеит Кандид Ҭарба напхгара зиҭаз ансамбль "Кавказ", уахь ааԥхьара сырҭеит мырзаканрхәаҩыс. Усҟан, аколлектив срыцны сцеит

Ҭырқәтәылаҟа, ҳџьынџьуаа рахь", — аибашьра ашьҭахь аҟазарахь дшыхынҳәыз еиҭеиҳәоит Даур Ԥарулуа.

Амырзаканрҳәаҩ аамҭакы аус иухьан Аԥсны Жәлар рартист Уасил Царгәыш дызхагылаз Жәлар рыкәашаратәи рашәаҳәаратәи ансамбль аҿгьы.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь даара иуадаҩын ансамбльқәа реидкылара, рныҟәгара. Иӡуа иалагеит жәлар рмузыкатә инструментқәа. Даур Ԥарулуа Пицундатәи амузыкатә школ аҟны аус иуан, аха уи иалагӡаны нап аиаркит Лӡаа ақыҭан, ашкол аҿы Жәлар ринструменталатә ансамбль аԥҵара.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДаур Ԥарулуа
Даур Ԥарулуа - Sputnik Аҧсны
Даур Ԥарулуа

"Усҟантәи аамҭазы, ахәыҷқәа еидаҳкыло ҳалагеит, ашәи аԥенџьыри зҿамыз аҭыԥантәи акультура аклуб ахыбраҟны. Ҳнапала ареставрациа рзаҳуит араҟа иҟаз амузыкатә инструментқәа. Анаҩс ашкол ахь ҳаиасит. Аиашазы, аҭаацәа гәахәарыла ахәыҷқәа нарго иалагеит. Аибашьра ашьҭахь изызҳауаз абиԥара ҿыц аҟазарахь аинтерес рызцәыргатәын, аамҭа хьанҭақәа зныруаз ахәыҷқәа, иҿыцны ирбаз азҿлымҳара арҭеит. Аус ҳуан уалафахәыда, аӡәи-аӡәи ҳаицхыраауан. Убас иит Лӡаатәи Жәлар ринструменталтә ансамбль "Аԥхьарца", — ҳәа ҳаилиркааит ансамбль аԥҵаҩы.

19 шықәса раахижьҭеи ансамбль "Аԥхьарца" Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруа иҟалеит.

"Ҳара ааԥхьара ҳарҭоит ҳтәыла араионқәа рнаҩс, Нхыҵ-Кавкази, Урыстәыла егьырҭ арегионқәеи рҟны имҩаԥысуа афестивальқәа рахь", — ҳәа азгәеиҭеит Даур Ԥарулуа.

2010 шықәсазы Лӡаатәи Жәлар ринструменталтә ансамбль "Аԥхьарца" Санкт-Петербург излахәыз аҟазаратә конкурс аҟны 1-тәи аҭыԥ иаԥсахеит. 2016 шықәсазы "Гран-При" раҭәашьан Очамчыра имҩаԥысыз афестиваль-конкурс аҟны.

Даур Ԥарулуа иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҿар ажәытә музыкатә инструментқәа радыԥхьалара уадаҩхеит. Избанзар, ахәыҷқәа ринтересқәа ҽакхеит.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ

"Иахьа еиуеиԥшым акәашаратәи ашәаҳәаратәи аколлективқәа ҟалеит. Аҿар алшара рымоуп ргәы иақәшәо алԥшаара. Аибашьра ашьҭахь ахәыҷқәа рхала аинтерес аадырԥшуазҭгьы, иахьа рыгәшәымшә ҳәатәуп", — ҳәа ҳаилиркааит Даур Ԥарулуа.

Аха ус егьа иҟазарагьы, ансамбль "Аԥхьарца2 иахьа ҩ-гәыԥкны ишьақәгылоуп, аиҳабыратәии аиҵбаратәии ҳәа.

Аиҳабыратәи агәыԥ алахәцәа роуп макьаназы асценахь инеиуа, егьырҭ иҵегь аус рыдулатәуп.

Ансамбль аиҳабыратәи агәыԥ шьақәгылоуп 13-ҩык амузыкантцәа қәыԥшцәа рыла. Дара абжьы рырҭоит абас еиԥш иҟоу амузыкатә инструментқәа: аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр, аԥхьарца, абас-чамгәыр, аҟьаԥ-ҟьаԥ, аӷәы-лабы, амырзакан. Аконцертқәа раан ахәыҷқәа рнапхгаҩы асценаҿы дрыцықәгылоит.

"Сара амузыкатә композициақәа рыцназыгӡоит амырзакан арҳәарала. Иахьазы, урҭ рхыԥхьаӡара 12 ыҟоуп, жәлар рашәақәеи аибашьра атемеи зныԥшуа", — иҳәоит иара.

Аԥсуа ажәытә музыкатә инстурементқәа аҟьаԥ-ҟьаԥи аӷәы-лаби реиԥш иҟоугьы, ахәыҷы абжьы илымҳа иамаҳауазар, арҳәара илшаӡом. Даур Ԥарулуа шықәсыкынӡа аҵаратә процесс мҩаԥигоит, нас ауп асценахь аколлектив анцәыриго.

Зегь раасҭа зырҳәара уадаҩу ҳәа иԥхьаӡоуп аԥхьарца, нас амырзакан.

"Ахархәара заҳҭо аинструментқәа, Уасил Арухаа иаҳзыҟаиҵақәаз роуп. Амырзакан заҵәык ԥыҭраамҭак ахыҵуеит, аха уигьы изласылшо ала сылаԥш ахуп. Ак заҵәык, ахәыҷқәа ркостиумқәа уажәшьҭа ихеит. Убарҭ ҿыцымҭала рыӡахразы ацхыраара ҳаур цәгьамызт", — инаҵишьит амузыкант.

Ансамбль "Аԥхьарца" Лӡаатәи ашколтә программа иамадоуп, убри аҟнытә аинструментқәа рҿы ахәмаршьа ахәыҷқәа иддырҵоит хәыда-ԥсада.

Сира Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҩӡԥҳа: ансамбльқәеи, ахаԥшьгаратә коллективқәеи рыҟны инеиуа аҿар реиҳарак ҳаушьҭымҭацәа роуп

Ақәгыларақәа рахь амузыкантцәа ааԥхьара анрырҭо, еснагь ацхыраареи авагылареи рзаадырԥшуеит Лӡаатәи ашкол адиректор Мимоза Еныкьи, ақыҭа ахада Ельдар Амԥари иара убас, Лӡаатәи аветеранцәа рротеи.

Даур Ԥарулуа иааӡамҭацәа аӡәырҩы Урыстәыла иреиҳау амузыкатә ҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Сынтәа ауарӷан аҟәша дҭаларц лгәиҭоуп иҵаҩы Залина Хышԥҳа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа мызқәак шагыз, Лӡаа ақыҭан Жәлар ринструменталтә ансамбль аԥҵара игәиҭан Аԥсны Жәлар рартист акомпозитор Оҭар Хәынҵариа. Иара ибзоурала, уи аамҭа иалагӡаны акультура аклуб иазааган ԥхьаҟа ансамбль шьаҭас иаиуз жәлар ринструментқәа.

"Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа дҳаԥхеит, аха наунагӡа дҿырԥшыганы дынхоит аҟазара знапы алаку рзы. Иара ибзоурала иахьа ицәыргоуп ажәытәра иагахьаз жәлар ринструментқәа", — ҳәа иҩыза дихцәажәоит амузыкант.

Ҳазҭоу амза анҵәамҭазы ансамбль "Аԥхьарца" алахәхараны иҟоуп Нальчик имҩаԥысуа афестиваль. Агәра ҳгоит, аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа ирхылҵуа адоуҳатә мчы змоу амелодиа аӡбаҩцәа ргәаҵанӡа инеины аԥхьахәтә ҭыԥ ранаршьап ҳәа.

Даур Ԥарулуа жәлар рҟазара аҿиаразы иибахьоу аџьабаазы, ҳазну ашықәс жәабран 27 рзы атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ихиҵеит.

Жәлар рмузыкатә инструментқәа ыҟанаҵ, аԥсы рхазаауеит ҳбызшәеи ҳкультуреи. Дара ирхылҵуа амелодиоуп аԥсышәала ашәа ҳзырҳәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0