Атәыла Ахада аусутә ныҟәара мҩаԥигеит Тҟәарчал араион аҟны

© Sputnik Роберт ДжопуаАтәыла Ахада аусутә ныҟәара мҩаԥигеит Тҟәарчал араион аҟны
Атәыла Ахада аусутә ныҟәара мҩаԥигеит Тҟәарчал араион аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Тҟәарчал идыргыло аобиектқәа дырҭааит.

АҞӘА, хәажәкыра 23 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Ацҳа, аџьармыкьа, ахәыҷбаҳча, аӡеизакырҭа дырҭааит Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал араион аҟны иныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны. 

Аҳәынҭеилакы "Аԥсныҟәарахьчара" аиҳабы Игор Казанба атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит ибгаз, ақалақь акалҭи ацентри еимаздоз ацҳа мызкы ахы-аҵыхәала ишьақәҳаргылоит ҳәа.

"Ацҳа ажәын. 50-тәи ашықәсқәа раан идыргылаз акәын. Уажәы аусурақәа ҳарҿуп. Сгәы иаанагоит мызкы иахымгакәа еиҭашьақәҳаргылоит ҳәа. Ишҳагәҭаку ала лаҵарамза 1 азы аусурақәа хыркәшахароуп", — иҳәеит Казанба.

Атәыла Ахада даҭааит ахәыҷбаҳча "Амра". Ара аусурақәа хыркәшоуп. Аргыларатә фирма "Тҟәарчалргылара" адиректор Леонти Аршба атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит 2015 шықәса мшаԥымзазы аусурақәа рзы аԥароужьра ахьаанкылахаз иахҟьаны аусурақәа шхыркәшамыз.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Тҟәарчал араион актив дырԥылеит

Ҳаџьымба араион анапхгара рнапы ианиҵеит ахәыҷбаҳчазы иахәҭаны иҟоу аҩнымаҭәа аархәарц. Тҟәарчал араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа илҳәеит, аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы ахәыҷбаҳчагьы аусура хацнаркырц ирылшо зегь шыҟарҵо.

"Ақалақь аҟны ахәыҷқәа рацәоуп. Хәыҷбаҳчак азхоны иҟам. Аҩбатәи хымԥада иаарттәуп", — лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Ақыҭанхамҩатә џьармыкьа акәзар иаарласны аиҭашьақәыргылара хыркәшатәуп, иҳәеит атәыла Ахада.

Иара убасгьы Рауль Ҳаџьымба даҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаду. Иара аремонт иахҭынҵан 15 миллион мааҭ.

Иныҟәара ахыркәшамҭазы Ҳаџьымба днеиит аӡеизакырҭа обиект ахь. Иароуп ақалақьи акәша-мыкәша иҟоу ақыҭақәеи ӡыла еиқәзыршәо. Иара аремонт иазоужьуп 16,6 миллион мааҭ. Иахьазы аусурақәа идыртәоит 6 миллион мааҭ. Аобиект аԥхынраз ахархәарахь ирыҭахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0