Ҳаџьымба: агәрагара сымоуп Апарламент ҿыц ишахәҭоу аусура алшап ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа, актәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь бжьыҭира инеиит раԥхьатәи алхыҩцәа.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ҿыц иалырхуа Апарламент ишахәҭоу еиԥш аусура зылшо акәны иҟалап ҳәа.

Аҟәа раԥхьатәи алхыҩцәа рыбжьы рҭиит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа раԥхьатәи алхыҩцәа рыбжьы рҭиит

Рауль Ҳаџьымба ажурналистцәа иҿцәажәеит алхырҭатә округ № 5 алхырҭатә ҭыԥ аҟны.

"Агәра згарц сҭахуп аусура зылшо ауаа алаҳхуеит ҳәа. Уи адагьы ԥсыхәа ҳамам. Акандидатцәа алхраан иаадырԥшыз аҽазышәарақәа русураҟынгьы раарԥшра рылшар, Апарламент алшарақәа рацәахоит", — иҳәеит иара.

Ашьыжь асааҭ ааба рзы Аԥсны ахы-аҵыхәа иаадыртит алхырҭатә ҭыԥқәа.

"Зегь агәалаҟазаара бзиа рыманы иааиуеит. Адыррақәа рыла араионқәа рҟынгьы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Ауаа иалырхыз Апарламент ахь инеиуеит", иҳәеит Ҳаџьымба.

Асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа 22 алхырҭатә ҭыԥ рҟны ихацыркхеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла аҩбатәи атур аҟны абжьы еиҳаны изауз акандидат адепутатрахь днеиуеит. Аԥсны Апарламент шьақәгылоуп ҩеижәи жәохә депутат рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0