Гал араион аҟны алхыҩцәа рнеира 50% еиҳахеит

© Sputnik Роберт ДжопуаГал араион аҟны алхыҩцәа рнеира 50% еиҳахеит
Гал араион аҟны алхыҩцәа рнеира 50% еиҳахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

ГАЛ, хәажәкыра 26 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа 22 алхырҭатә ҭыԥ рҟны ихацыркхеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур.

Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи атур: Аԥсны иаатит абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа

Галтәи алхырҭатә ҭыԥ № 35 аҟны бжьыҭира инеиз рхыԥхьаӡара 50 % еиҳахахьеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит алхратә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Асланӡиа.

"Асааҭ 12 рзы абжьыҭира иааихьеит 322-ҩык ауааԥсыра. Асиақәа рыла 637-ҩык ыҟоуп", — иҳәеит Асланӡиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аабжьыҭира еилагарак амамкәа амҩаԥысра ишаҿу.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0